Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИНАЛ ЛАЗБА SPUTNIK - АԤСНЫ АПРЕСС-ЦЕНТР АНАПХГАҨЫС ДҞАҴОУП.

Ахаша, 01 Ԥхынкәын 2021 17:12 107

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәса. Аԥныпресс. Инал Лазба Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадио Sputnik-Аԥсны амультимедиатә пресс-центр анапхгаҩыс дҟаҵоуп, ҳәа иаанацҳауеит   Sputnik - Аԥсны.

«Инал Лазба агентра аусура атәы хаҭала идыруеит. Уи ибзоурала  2014 шықәсазы Аԥсны иаартын Амультмедиатә Информациатә Агентра «Россия сегодня». Иара иакәзар  Sputnik-Аԥсны раԥхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит. Даара сеигәырӷьоит Инал ҩаԥхьа ҳкоманда алалара азы аӡбамҭа ахьидикылаз. Агәра ганы сыҟоуп иара ибзоурала апресс-центр аусура аҿы хра злоу шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа шыҟало, апроект ҿыцқәагьы шцәырҵуа", - ҳәа иҳәеит  Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба.

Инал Лазба игәаанагарала, апресс-центр Sputnik аинформацитә площадка аҟынтәи азҵаарақәа жәпакы рыӡбаразы аексперттә гәаанагарақәа реибыҳәара азы аплатформа аҳасабала аҿиара аиуроуп.  Насгьы уи иамоу атехникатә лшарақәа иахьагьы инаркны Аԥсны иахьҵанакуа мацара аҽҭагӡара акәымкәа уи анҭыҵгьы, адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу ауааа адиалог амҩаԥгаразы рааԥхьара азы аҭагылазаашьақәа аԥырҵар алшоит.  

«Аԥсни Урыстәылеи  ауаажәларратә еиԥш анапхгарабжьаратәи аҩаӡара аҿы ирыбжьоу ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа ҳасаб рзуны, ҳара ҳапресс-центр аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыла жәларбжьаратәи аимадара азы иназыцҵоу акомуникациатә лшарақәа рыҭара иазхиоуп. Ҳара иарбоу ахырхарҭа ала аусура арӷәӷәара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Инал Лазба.

Инал Лазба диит нанҳәамза 17, 1987 шықәса рзы. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхкы аҿы аспециалист. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет адиплом ҟаԥшь ала далгеит.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынбеи Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи ринформациатә порталқәа напхгара аиҭон. Аус иуан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы, Аԥсны аделегациа аилазаараҿы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа  дрылахәын.

2014 шықәсазы Sputnik-Аԥсны анапхгаҩыс дҟалеит.

2017 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ имаҵураҭыԥ анагӡарахь диасит.  Анаҩс, 3 –шықәса ирылагӡаны «Афымцаҭира», «Амшынеиқәафымцамч» аҿга адиректорс аус иуан.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 00:32