Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

БАМБОРАТӘИ АШКОЛ АҾЫ АКРЫФАРҬА АҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА МҨАԤЫСИТ.

Ахаша, 01 Ԥхынкәын 2021 20:00 108

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәса.   Аԥсныпресс.  Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) Норвегиа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра афинанстә дгылара ала Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭан ашколтә крыфарҭа аиҭашьақәыргылареи иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыла аиқәыршәареи мҩаԥнагеит. Абри атәы аанацҳауеит Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) Феисбук аҿы адаҟьа аҿы.

Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) Аԥсны иҟоу Аофис акыр шықәса ирылагӡаны ашколтә крыфарҭақәа реиҭашьақәыргылареи иахәҭоу амаругақәа реиқәыршәареи иадҳәалоу аусура иазку апроектқәа нанагӡоит.  

Уаанӡа Гәдоуҭа ақалақь аҿы ашкол №1 аҿы акрыфарҭа  еиҭашьақәыргылан, иара убас  ақыҭақәа Уақәым, Кохора, Ачгәара, Дранда аҳабла ашколқәа рыҿгьы акрыфарҭақәа еиҭашьақәыргылан.

Ааигәа Бамборатәи ашкол аҿы ашколхәыҷқәа рыкрыфара азы астандартқәа реизырҳара азы атренинг мҩаԥгахоит.

Уажәааигәа Ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак (ДСБ) адонор хада аҳасабала ашкол аҿы ирыдыркылеит Норвегиатәи аделегациа.

Акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа иадҳәалоу аԥкрақәа ирыхҟьаны ашкол макьаназы ишахәҭоу ала инагӡаны аус ауӡом, аха идәылганы афатә аҭира азы амаҵзурақәа нанагӡоит.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 00:36