Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘДОУҬА АРАИОН АҾЫ АПАССАЏЬЫРЦӘА ЗҬАЗ АМАРШРУТТӘ ТАКСИ ЕИХСИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 11:33 96

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашьжьымҭан, абҵарамза 24, рзы, Гәдоуҭа араион аҿы апасаџьырцәа зҭатәаз амаршруттә такси еихсит, ҳәа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба иҟаиҵаз адыррақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо иаанацҳауеит аинформациатә Маҵзура  Shutnik Аԥсны.

Иарбоу аинцидент аҿы ахәрақәа иоуит амаршруттә такси аԥсҟы зкыз, уи ахәышәтәырҭа ахь днагоуп. Апасаџьырцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Ари ахҭыс зыблала избаз изларҳәо ала, амаршруттә такси ианеихс ашьҭахь ақыҭа Хыԥсҭа иҟоу ашкол азааигәара игылоу ашьаҟа иаахеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, ахысра ҟазҵаз ихаҭара шьақәыргылоуп. Уажәы азинхьчаратә усбарҭақәа уи иаанкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:36