Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ИЗААМҬАНЫТӘИИМ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 16:18 100

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы изаамҭанытәиим  аилатәара мҩаҧысит.

Аҧхьанатә амшхәаҧштә аҿы иалагалан ҩ-зҵаарак: ареспублика аҿы аенергетикатә кризис инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи Аҧсны азинхьчаратә система аҿы акризис ӷәӷәа иадҳәаланы Аҧсны Жәлар-патриоттә Еидгылара Апарламент ахь иҟанаҵаз ааҧхьара ахәаҧшреи. Аенергетикатә кризис азы азҵаара амшхәаҧштә иалган.

Аилатәра рхы аладырхәит атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҟәа ақалақь апрокурор Алхас Агәмаа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут.

Апарламент Аиҳабы Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа рыла Аҧсны атәылуааи Апарламент адепутатцәеи рганахьала азакәанҧҵара ӷәӷәала аилагара афактқәеи ахҭысқәеи ирхылҿиааз ауаажәларратә резонанс инамаданы зыҧшра ҟамҵакәа аилатәара амҩаҧгаразы 22-ҩык адепутатцәа рнапы зҵарҩыз ааҧхьара даҧхьеит.  

«Аидгылара» иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Лаша Шамба  Аҧсны Жәлар-патриоттә Еидгылара ааҧхьара даҧхьеит. Уи атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭан: «Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа изакәанымкәа инарыгӡаз ауснагӡатәқәа ӷәӷәала ауаажәларратә резонанс ахылҿиааит, ахәҭакахьала урҭ иреиуоуп: нанҳәамза 12, 2021 шықәсазы Гагра ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа аамҭалатәи аҧхьакырҭа аҿы атәылауаҩ  А. Аҭеиба иҧҟареи иргәаҟреи аҽшьра аҽазышәара аҟынӡа инагареи иахҟьаны анаҩс атәылауаҩ А.Аҭеиба ихдырра мааиӡакәа ахәышәтәырҭаҿы иҧсҭазаара далҵит; цәыббрамза 30, 2021 шықәса Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рныҳәа азгәаҭара амш аҽны аибашьра аветеранцәеи Апарламент адепутати рыҧҟара; аполитикатә мотивқәа рыла Апарламент адепутатцәа рыхьӡи раҳаҭыри лазыҟәуа ашьаусеилыргарақәа реиқәырҽаҽара.

Амаҵуратә зинмчқәа рырмыцхәра, азанааҭ азҟазамра, иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рхьырхәрадара иахылҿиааз акакәны иҟалеит абҵарамза 16, 2021 шықәса рзы Гагра ақалақь ацәгьоура  аҽазыҟаҵара мҩаҧысуазшәа адырра зауз  ашьаусҧшааратә ҟәша аусзуҩцәа  рыла раанкылара аҽазышәараан атәылауаҩ А.Кетиа ишьреи О.Ҳагәышь ихәреи ирыдҳәалоу ахҭыс. Ихымҧадатәны иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит, аибашьрашьҭахьтәи аамҭахәҭа зегьы иалагӡаны  амилициа аусзуҩцәа рыла ацәгьоуразы игәҩароу раанкылараан знык иадамзаргьы гәҭакыла ашьра иадҳәалоу афакт шыҟамлац.

Даара агәҭынчымра узцәырнагоит Аконституциеи азакәанқәеи рықәныҟәара ахылаҧшра аҭареи, атәылауаҩ изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчареи, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа реиқәыршәареи афункциа хаданы измоу Апрокуратура Хада аганахьала уи изеиҧшразаалак ақәҿыҭра ахьыҟамлаз».

Апартиа «Аҧсны Жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц атәыла аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа рзы агәынамӡара ааирҧшит.

«Арҭ апроблемақәа зегьы акыр шықәса раахыс иҳашьҭоуп. Аҳәынҭқарра иахагылоу аҿыц напхгара зеиӷьаҟам ала арҭ апроблемақәа рзы адыррагьы аман, аоппозициа аҿы ианыҟаз изныкымкәагьы иалацәажәахьан, уимоу, убри аан ауснагӡатәқәа рыплангьы адгаларагьы мҩаҧнагон. Иахьа, амчра анапаҿы иҟоуижьҭеи абар шьҭа ҩышықәса ҵхьеит, аха уеизгьы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аума, амчратә блок аҿы аума аиҭакрақәа раҳасабала акгьы мҩаҧганы иаабом. Иахьа имҩаҧысуа ахҭысқәа аӡәгьы игәы иаахәо иҟам», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Барцыц. 

Аибашьра аветеран Вианор Ашба амилициа аусзуҩцәа рыла аветеранцәа рыҧҟара афакт аганахьала ӷәӷәала агәынамӡара ааирҧшит. Уи Аҧсны иатәылауаам анхарҭаҭыҧқәа раархәара, ауааҧсыра фамцалашарала реиқәыршәара аганахьала ӷәӷәала аиҧҟарақәа рыҟазаара азҵаара иӡбамкәа иахьҟоу, иара убас аибашьра аветеранцәа социалла рыхьчара ахьалыршам азы агәҭынчымареи агәынамӡареи ааирҧшит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:34