Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС 10-МЫЗ РЫЛА ГАЛ АРАИОН АБИУЏЬЕҬ ИАЛАГАЛАХЕИТ 39 МЛН. 110 НЫЗЫҚЬ МААҬИ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 13:31 92

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гал  араион актив алархәны аусуратә еилатәара мҩаҧигеит.  

Ҳазҭоу ашықәс жәамз рыла имҩаҧгаз аусура алҵшәақәа рзы адырра ҟаиҵеит араион ахада Константин Ԥлиа.

Абҵарамза 1 азы иҟаз адыррақәа рыла, араион абиуџьеҭ планла ишьақәырӷәӷәаз 34 млн. мааҭ рыла 39 млн. 110 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит. Аллан иацҵаны анагӡара 112% рҟынӡа инаӡоит. 

Амазара азы ашәахтә азҧхьагәаҭаратә рбагақәа 152% рыла инагӡоуп, Иназыцҵоу ахәҧсазы ашәахтә – 160% рыла, адгьыл азы ашәахтә – 104% рыла.

Гал араион аҿы инхоит 37 нызықь-ҩык ауаа, 7 605 – иара ақалақь Гал аҿы инхоит. Аусура зылшо араион ауааҧсыра рхыҧхьаӡара – 13 814-ҩык, атәанчаҩцәа – 5 777- ҩык. Ибжьаратәу аулафахәы аҩаӡара – 9 700 мааҭ.

Гал араион аҿы акоронавирустә ҿкы чымазара азы рдиагноз шьақәырӷәӷәахеит 1918-ҩык рҿы, зынӡа алабораториатә гәаҭара иахысит 7 296-.ҩык.

Араион аҿы акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара азы аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара иақәхарџьуп 2 млн.380 нызықь мааҭ.

Араион ахада ирезервтә фонд аҟынтәи араион ауааҧсыра ацхыраара рыҭара, атәылауааи аҳақьымцәеи Гәдоуҭатәи аковидттә хәышәтәырҭа ахь рыиагареи Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымшныҳәа азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкара,  ашколқәа рҿы акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара аҿагылара иазку ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара, уҳәа азы иазоужьуп 1 млн. 746 нызықь мааҭ.

Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, араион аҿы аквартиратә фонд аинвентаризациа мҩаҧысуеит.

«Иаарҧшхеит иаҧшәымадоу аквартирақәа фба. Урҭ рахьынтә хҧа анхаразы ихәарҭам, егьырҭ хҧа рхархәаразы иҷыдоу Акоммиссиа аӡбамҭа аднакылараны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа. 

Ҳазҭоу ашықәс 10-мыз рыла ашәҟәы иҭагалахеит 34 ацәгьоурақәа, урҭ рахьынтә иаартуп 33, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: анапхыцәгьара иадҳәалоу ҩ-хҭыск, аӷьычра иадҳәалоу ҩ-хҭык, аҧстәбара зцу амҩатә машәыр иадҳәалоу хҭыск, иара убас  изакәанымкәа абџьар аикәыршара иадҳәалоу хҭыски анаркотикатәи арҩшьыгатәи амаҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу 8-хҭыски.

Гал араион 17 қыҭа рҿы хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи ахархәара зауз афымцамч ахәҧса аизгара 61% рҟынӡа инаӡеит. Гал ақалақь аҿы афымцамч азы ашәатәқәа аларгалеит: хазхаҭалатәи ахаҿқәа – 48%, аиуристтә хаҿқәа- 93%.

Афымцамч азы ахәҧса аизгара аизырҳара азы аусура иацҵахоит, ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы аизгара апроцент еизҳахоит», -ҳәа иҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.

10-мыз рыла иаарҧшын идуу акриптофермақәа 6. Араҟа иқәыргыланы ирыман ззеиҧш хыҧхьаӡара 437 цыра рҟынӡа инарзынаҧшуа аппаратқәа. Урҭ зегьы афымцацәаҳәақәа рҟынтәи иаҿыхуп.

 

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:28