Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА АМАРШРУТТӘ ТАКСИ ЕИХСЫЗ ИХАҬАРА ШЬАҚӘДЫРГЫЛЕИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 16:21 101

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24, ашьжьымҭан, асааҭ 08:30 инарзынаԥшуа, ақыҭа Хыԥсҭа азааигәара, ареспубликатә трасса аҿы амаршруттә такси аихсра иадҳәалаз ахҭыс ҟалеит.  Амашьына аԥсҟы икын 1969 шықәса рзы ииз Кокосқьериа Еликәа Уаликәа-иԥа. Уи ижәҩахыр ахқәа хԥа аахеит. Ахәышәтәырҭа ахь днагоуп. Иарбоу автотранспорттә хархәага иҭатәаз апассаџьырцәа ааха рмоуӡеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан иблыз амашьына ВАЗ-2114 (аҳәынҭқарратә дырга М377ТМ,  23-тәи  арегион) рыԥшааит. Уи ала, заанаҵтәи адыррақәа рыла ацәгьоура ҟаҵан. Иара убас ацәгьоура ҟазҵаз ихаҭара шьақәыргылахеит. Уи аоперативтә интерессқәа рзы алаҳәара мҩаԥысӡом.   

Уажәы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа иарбоу ацәгьоура азы игәҩароу  ахаҿы иаанкылара азы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:23