Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА, АПРОКУРАТУРА ХАДА, АҞӘА АҚАЛАҚЬ АПРОКУРАТУРА РНАПХГАҨЦӘА РМАҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ РХЫ АҚӘАИҬТӘРА АЗЫ АҚӘҴАРА АПРОЕКТ РЫДРЫМКЫЛАӠЕИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 17:05 93

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент изаамҭанытәиим аилатәара аҿы адепутатцәа иалацәажәеит Аҧсны азинхьчаратә система аҿы ишьақәгылаз акризис.  Аилатәра рхы аладырхәит атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҟәа апрокурор  Алхас Агәмаа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут.

Аҭагылазаашьа алацәажәара ашьҭахь аӡбамҭа адкылара азҧхьагәаҭан.

Ақәҵара апроект атекст инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада иахь атәыла апрокурор Хадеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри рмаҵураҭыҧ аҟынтәи рхы ақәиҭтәра азы  ажәалагалара Апарламент ахь идәықәиҵарц азы ааҧхьара аҟаҵара азҧхьагәаҭан.

Апрокуратура Хада Аҟәа ақалақь апрокурор Агәмаа А.А. имаҵураҭыҧ аҟынтәи ихы ақәиҭтәреи, анаҩс уи инаигӡаз ауснагӡатәқәа рҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 288, ахәҭа 1, ахәҭаҷ 124 ахәҭа 2 (азакәан ала ихьчо ауаажәларреи аҳәынҭқарреи, мамзаргьы аиҿкаарақәеи, мамзаргьы атәылауаа рзакәантә интерессқәеи рзинқәеи ӷәӷәала реилагара зыхҟьаз амаҵурауаҩ изакәантә мчы аиҳатәрала ауснагӡатәқәа рынагӡара) инарықәыршәаны ацәгьоура аҟазшьақәа рыҟазаара аганахьала апроцессуалтә гәаҭара амҩаҧгареи рзы ажәалагала ҟаҵан.   Ақәҵара атекст рыдрымкылаӡеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:22