Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ГАЛ АРАИОН АКТИВ АЛАРХӘНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 11:31 124

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аслан Бжьаниа Гал арион актив алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит араион абиуџьеҭ ишартәо 231 млн. мааҭ, урҭ рыхьынтә 180 млн. мааҭ ареспубликатә биуџьеҭ аҟнытә ишааиуа.

«Ари атәыла анапхгара иалшо ала Гал араион ауааҧсыра адгылара шрырҭо атәы аҳәоит. Арҭ аҧарақәа арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, азинхьчаратә еилазаарақәа, асоциалтәи акультуратә зҵаарақәеи рыӡбарахь идәықәырҵоит. Аха шәара шәҭаххрақәа акырӡа еиҳауп: араион аҟны алшара дуқәа ыҟоуп, раҧхьа иргыланы, аекономикатә, аха ари  алшара иахьынӡауа ахархәара амоуӡацт. Ацифрақәа изларҳәо ала, араион аҟны аус рур рылшоит 14 814-ҩык, аха иҟоу арбагақәа рыла усурҭа ҭыҧла еиқәыршәоу 2-нызықьҩык роуп», ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Уи араион анапхгаҩцәа ирабжьигеит арҭ ацифрақәа гәныркыларц, есышықәса еиҵахарц ишыҟаҵатәу. Избан акәзар иҟоу ауадаҩрақәа уантә ишаауа – ауаа аусурҭақәа шрымам.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аинвестициатә амшхәаҧштә ала аинформациа нҭырҳәыцааны адырра шаҭаху, раҧхьатәи ашьаҿа аныҟаҵаз, аинвестициа азеиҧш еицҵалыҵ аҟнытә имҩаҧгаз аусурақәа ртәы.

«Шәара арҭ аобиектқәа рыҟны шәнеироуп, аусурақәа рынагӡаразы, аусуцәа руалафахәқәа рызшәаразы ганрацәала ацхыраара рышәҭароуп. Аекономика  ашьҭыхразы аинвестициақәа радҧхьалареи ахатәы инвестициақәа рхархәареи  рыда даҽа лшарақәак ыҟаӡам»,- ҳәа иҧхьаӡоит Аслан Бжьаниа.

Уи иҳәеит асоветтә аамҭазы Гал араион аҟны 58 нызықь гектар адгьыл ишықәаарыхуаз, аибашьра ашьҭахь – 30 нызықь гектар. Иахьа 10 гектарк маҷк иреиҳауп. 

Аслан Бжьаниа атәыла аҩныҵҟа еиқәшо акапитал ыҟамзар, ҳара ареспублика анҭыҵынтә иаартә еиҧш аҭагылазаашьақәа аҧаҳҵароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иазгәеиҭеит иара убас ҳара ҳазхазҵаз атәылақҵәа рыҟнытә Аҧсны аекономика аганахьала ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу, даҽакала ҳҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара шҳалымшо.

Аҳәынҭқарра Ахада агәабзиарахьчараҟны иахьа ӷәӷәала иқәгылоу апроблемақәа ртәы азгәеиҭеит.

«Ачымазаҩ игәабзиаратә ҭагылазаашьа раҧхьатәи ацхыраара ҟазҵо аҳақьым имацара изеиӷьтәӡом, уи ачымазаҩ иныҟәгара, хәшәла аиқәыршәара ала ахылаҧшра имазароуп. Иахьа абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳамоуп – ҳхәышәтәырҭақәеи ҳинфратруктура аобиектқәеи хеит, иажәит»,-ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭақарра Ахада.

Аслан Бжьаниа еизаз иргәалаиршәеит Гал араион аҟны традициала аџьа збоз, акрызуаз ауаа шынхоз, убри аҟнытә аҭыҧантәи анаплакҩцәа русура иаҧырхагоу апроблемақәа аус шрыдулатәу. Убри аан агәаҭаратә усбарҭақәа рганахьала инамыцхәны ақәыӷәӷәара ҟамлароуп. 

«Ари иаартны иаҳҳәалароуп. Ацитрустә культурақәа раарыхра знапы алаку ирыцхраалатәуп. Гал араион аҟны аибашьра аҧхьа 1 800 тонн амандарин еизыргон», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи аҳәынҭқарра альготатә кредитқәа рыҭара ахы ишаднаҵо, аха  убри аан ақыҭанхамҩаҟны ихадароу аусурақәа рынагӡара шымҩаҧысуазы ӷәӷәала хылаҧшрагьы шыҟанаҵало иҳәеит. Аҳәынҭқарра Ахада аусураҟны аҧышәа змоу аспециалистцәа радыҧхьалара рабжьигеит.

Афымцамч аҭагылазаашьа далацәажәо, Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы инаҵшьны иҳәеит ари аусхк аҟны угәы каҳартә аҭагылазаашьа шыҟоу. Акаҭатә нхамҩа ажәит 80% рҟынӡа, убасҵәҟьа иҟоуп атрансформатортә нхамҩа, 40 инареиҳаны иҟоу аиҵастанциақәа рахьынтә анорма иақәшәо 8-9 зыҵәык роуп.    

«Ари аусхк акырӡа акапиталтә лагамҭақәа аҭахуп, аха уи аҟара Аҧсны иалшаӡом. Ари апроблема аруадаҩуеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара. Ари азҵаара аӡбара ҳаҿуп, амаинерцәа уахь рыиагаразы атехнопарк аҧҵаразы аусурақәа цоит. Ари азҵаара урыстәылатәи ҳпартниорцәеи ҳареи аӡбара ҳаҿуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас абарҭ асааҭқәа рзы аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистри Администрациа  Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩи афымцамч азҵаарақәа рыӡбаразы  Москва иҟоуп ҳәа иҳәеит.

«Аха ҳаргьы доусы иҳалшо ҟаҳҵалароуп – алашара ахәҧса шәатәуп. Шәара шәҿы уи аганахьала аҭагылазаашьа цәгьаӡам, аха урҭ ацифрақәагьы ирыцҵалатәуп. Ақыҭақәа рнапхгаҩцәа ари апроблема аӡбара напы адыркыроуп», - ҳәа иҧхьаӡоит Аслан Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада амаининг-фермақәа ахьаарҧшхо ақыҭақәа рнапхгаҩцәа рмаҵураҭық аҟынтәи рхы ишақәиҭхо иҳәеит. «Ақалақьқәа рыҟны ауаа алашара рымаӡам. Уи моу, амаининг-аппаратқәа рӷьычрақәа рзы ауаҩшьрақәагьы ҟалеит. Иҟаӡам ақыҭақәа рхадацәа зқыҭаҟны  амаининг-ферма шыҟоу ззымдыруа. Ақыҭауаа рҭагылазаашьа бааҧсуп ҳәа иҟоу ацәажәарақәа, аҭагылазаашьа иаҳагьы идыруадаҩуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

Гал араион ахада ихы иқәыкны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәыла аҟны иҟоу апроблемақәа Гал араион аҟнытә ишымаауа азгәеиҭеит. «Ҳара ҳапроблемақәа зыдҳәалоу ишақәнагоу ала анапхгара ахьҳалымшо ауп. Убас иҟоуп ақыҭақәа рыҟны, аусбарҭақәа рыҟны, Аминистррақәа рыҟны. Араионтә Администрациақәагьы аҭакҧхықәрақәа рыдҵахоит», - ҳәа аилацәажәара хыркәшо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

 

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:15