Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛАДА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРРАТӘ ОКРУГ АСАПИОРЦӘА АҞӘАТӘИ АҲАИРБАӶӘАЗА ИАХЬАҴАНАКУА АМИНАҚӘА РЫҴХРА МҨАԤЫРГОИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 15:42 91

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Чечентәылатәи Ареспублика аҿы иҟоу Алада  Урыстәылатәи  Арратә Округ анџьныр-санитартә ҟәшеиҵа аруаа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» иахьаҵанакуа аминақәа рыҵхра иазку аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азы Аҧсныҟа иааит. 

Алада  Урыстәылатәи  Арратә  Округ апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иҧжәамкәа иаанхаз арҭҟәацгақәеи арҧжәагақәеи аџьаҧҳани рыҧшаара иазку аусмҩаҧгатәқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ – Арбџьармчқәа Рыштаб Хада Аиҳабы, ар аинрал Валери Герасимов ихьӡала инаишьҭыз аҳәара инақәыршәаны еиҿкаахеит.  

Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәеи Алада Урыстәылатәи Арратә Округи рнапхгараҭара аӡбамҭа ала Алада Урыстәылатәи Арратә Округ анџьныр-сапиортә ҟәшеиҵа аруаа Ханкалы ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭанӡа арратә машьынақәа рыла амҩа иахысит.

Уажәы аспециалистцәа раанкыларҭа Аҧсны иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база аҿы еиқәыршәоуп. Аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа рышьҭахь асапиорцәа  иарбоу аҭыҧ арҭҟәацгақәа рҟынтәи арыцқьара иалагоит.

Асапиортә гәыҧқәа русурақәа ашәарҭадара анормақәеи ишьақәырӷәӷәоу астандартқәеи рықәныҟәарала имҩаҧыслоит.  Аусмҩаҧгатәқәа ирылаху хаҭалатәи аилазаара зегьы  Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҵаратә центрқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхысит, иҧжәо амаҭәашьарқәа аус рыдуларазы азин рымоуп.  

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:11