Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ГАЛ АРАИОН АУААԤСЫРА РГӘЫ ИҴХО АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАИҴЕИТ.

Ахаша, 24 Абҵара 2021 16:45 96

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аслан Бжьаниа Гал араион ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны араион актив алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Галаа Аҳәынҭқарра Ахада араион ауааҧсыра «анхаразы азин аршаҳаҭга» аҭара аҿы адырхалара зыҩаҧысуеи ҳәа азҵаара ирҭеит.

Аслан Бжьаниа иакәзар, араион азинхьчаратә структурақәа рнапхгаҩцәа рахь ихы рханы иҳәеит: «Анапхгара ауаа апроблемақәа рзаҧҵара акәымкәа,  урҭ рыӡбаразы ауп изыҟоу. Апроблемақәа ззаҧҵатәу азакәан еилазго рзы мацара  ауп. Иҟоуп азакәан ишьақәнаргыло иарбоу аусшәҟәқәа рыҭаразы аҽҳәарақәа, урҭ реилагара ҟалаӡом. Акадртә ӡбамҭақәа ари азҵаара арҽеиуазар? Ачынуаа ари апроблема ахадара рзеилымкаауазар? Ус еиҧш иҟоу апроблема аҭыҧ амазар, ишиашоу сара шәсыдҵаалала. Знык иадамзаргьы иҵаҵӷәыркым аилагара ҟалар, усҟан ҳара егьырҭ анапхгаҩцәа рҿы аус ҳауеит». Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Апрокуратура араионтә сруктурақәа рнапхгаҩцәа «анхаразы азин аршаҳаҭга» аҭараҿы адхалара зыхҟьо аилкаареи иарбоу апроблема аҭыҧ ақәҵареи рзы адҵа риҭеит.

Галтәи абжьаратәи ашкол арҵаҩы Аҳәынҭқарра Ахада иахь лхы рханы аҵаҩцәа иреиҳау аҵарадырра аиуреи анаҩс аусуратә ҭыҧла аиқәшәареи рзы Қырҭтәылаҟа рыиасра апроблема дазааҭгылеит.\ӶУи ахәыҷқәа Аҧсни Урыстәылеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҭалара азы алшара роурц азы рпаспортизациа ахымҧадатәра далацәажәеит. 

Гал араион ашколқәа роушьҭымҭацәа Аҧсни Урыстәылеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҭаху рҧырхагахара ҟалаӡом. Уи аҧкратә ҟазшьа анормақәа роуп. Урҭ аиҳабацәа  рабиҧара иаҵанакуа  Гал араион ауааҧсыра ҧыҭҩык ирзырхоуп. Аха урҭ еиҵагыло аҿар ирыдҳәаламзароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбрҭа Гал араион ашколқәа роушьҭымҭацәа Аҧсни Урыстәылеи иҟоу иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара азы алшара рыҭара апроблема аӡбара ахылаҧшра аҭара ахахьы иагарц, насгьы иара убас аушьҭымҭацәа рыбжьара аҵара рҵарц ахьырҭаху азы азҵаара амҩаҧгареи  рзы адҵа ҟаиҵеит. «Ари азҵаара индивидуалла аӡбара шыҟало агәра шәсыргоит. Апрецендент аҧаҳҵап, анаҩс иҟалогьы аабап», - ҳәа иҳәеит иара.   

«Мырзаҟанаа Реилазара» ахаҭарнак  Галаа џьоукы-џьоукы аҧсуа милаҭра рзырхынҳәара азҵаара шьҭихит. Уи иажәақәа рыла, ари 2015 шықәса рзы Аиҿкаара аусура ианалага инаркны, 600 – ҩык аҧсуа милаҭра аиҭашьақәыргыларазы арахь иадҵаалахьеит. 120-рзаҳал заҵәык роуп Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы изхәаҧшыз, анаҩс изықәшаҳаҭхаз.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа иааиуа амчыбжь иахымгакәа 480-ҩык аҧсуа милаҭра архынҳәаразы азин зырмоуз аилкаареи иҵаҵӷәырку аҭак ыҟазар иара хаҭала иарҳәарц азы адҵа ҟаиҵеит. 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 22:17