Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АКОНСТИТУЦИАТӘ РЕФОРМА АЗЫ АКОМИССИА АԤЫЗА-МИНИСТР ИМАҴУРАҬЫԤ АԤЫХРА АЗЫ АЖӘАЛАГАЛА ҞАНАҴОИТ.

Аҩаша, 23 Абҵара 2021 17:10 87

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аконституциатә реформа азы Акомиссиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа  ахы 3 (Азакәанҧҵаратә мчра), ахы 4 (Анагаӡаратә мчра) аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагалақәа еиқәнаршәеит.

10-шықәса инареиҳаны аҧсуа жәлар реилазаара аҿы активла азакәанҧҵаратәии анагӡаратәи амчрақәа реизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа активла рылацәажәара мҩаҧысуеит. Еиуеиҧшым агәаанагарақәа  ыҟоуп. Урҭ иреуоуп:

Хыхь иарбоу амчрақәа рыбжьара азинмчқәа реиҭеихшара, анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русура аҭышәынтәалара;

Аҳәынҭқарратә аппарат аиҵатәра;

Аконтитуциатә Комиссиа алахәылацәа раҧхьа иргыланы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахқәа 3,4 аус рыдулара  ахшыҩзышьҭра арҭарц рыӡбеит.

Зыдгалара мҩаҧысуа амодель амчрақәа реихшара азҧхьагәанаҭоит.

Аидеиа хаданы иҟоу – Аҳәынҭқарра Ахада иахагылоу хаҿуп, уи анагӡаратә мчра напхгара аиҭоит. Анагӡаратә мчра аҿы аӡбамҭақәа рыдкылара ацентрс иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада заҵәык иоуп, аӡбамҭақәа рыдкылара азы уаҳа изеиҧшразаалак аколлегиалтә усбарҭа ыҟаӡам. 

Анагӡаратә мчра шьақәгылоуп Аҳәынҭқарра Ахада илеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи рыла. Атәыла Анапхгара иалоу аминистрцәа  Аҳәынҭқарра Ахада ила  Жәлар Реизара –Апарламент ақәыршаҳаҭрала иаҭахоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Анапхгара аилазаара иалалоит аминистрцәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, егьырҭ азакәан иазҧхьагәанаҭо амаҵурауаа. Аҧыза-министр имаҵура аҧыххоит, уи иашьашәаланы аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәа рмаҵураҭыҧқәагьы. Анапхгара аилатәарақәа ыҟаӡам. Атәыла Анапхгара алахәылацәа ишиашоу Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоуп.

Ари зыдгалара мҩаҧысуа амодель хадара злоу аиҭакрақәа иреиуоуп. Уи абарҭ ахықәкқәа рынагӡара иазкуп:

Адуализм (Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи Анапхгара Аппарати рыбжьара анапынҵақәа рынагӡара аганахьала аҩынаус ашьақәгылара);

Административтә напхгараҭаратә ӡбамҭақәа рыдкылара ацентр аинституционализациа, даҽакала иуҳәозар, аинститут аҳасабала ашьақәыргылара;

Аусшәҟәқәа рымҩаҧгареи рышьақәырӷәӷәареи рзы аамҭа аркьаҿра;

Атәыла Анапхра алахәылацәа рҭакҧхықәара аизырҳара;

Аҳәынҭқарратә аппарат аиҵатәра;

Уи азы ахарџь армаҷра.

Акомиссиа излашьақәнарӷәӷәо ала, уажәазы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ имаҵураҭыҧ ааныжьтәуп. Уи  аполитикатә традициа ашьҭрамдара иазкуп. Уи ажәлар зегьы иалырхо даҽа политикатә фигуроуп.  Аҳәынҭқарра Ахада (иҧсшьараамҭа, ичымазара, имаҵураҭып мап ацәкра) аан ихаҭыҧан иарбоу амаҵураҭыҧ аанкылараан, ари ахаҿы  инагӡаны имҩаҧысуа аполитикатә хҭысқәа идырлоит, ишақәнаго ала атәыла анапхгара ихахьы игоит.

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент – 35-ҩык адепутатцәа рыла ишьақәгылоу иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә усбарҭоуп.

Атәыла Анапхгара иалоу аминистрцәа  Аҳәынҭқарра Ахада ила  Жәлар Реизара –Апарламент ақәыршаҳаҭрала иаҭахоит.  

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аминистр имаҵураҭыҧ аанкыларазы акандидатура ақәшаҳаҭхареи, мамзаргьы мап ацәкреи рзы аӡбамҭа аднакылоит. Уи аҧхьа Аминистр имаҵураҭыҧ ахь акандидат иарбоу аусхкы аҿы аусуразы имоу апрограммеи ахшыҩҵакқәеи ирызку ажәахә ҟаҵо  адепутаттә корпус аҿаҧхьа дықәгылоит. Аҳәынҭқарра Ахада зыдгалара мҩаҧигаз акандидатура Жәлар Реизара-Апарлмент аҿы ҩынтәны мап ацәкра аан Аҳәынҭқарра Ахада хазхаҭала Аминистр иаҭара азы азин  имоуп.

Жәлар Реизра-Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада ила Жәлар Реизара аҿы зкандидатура ақәыршаҳаҭра иахымсыз Аминистр иаҭара ашьҭахь фымз анҵлак, иарбоу ахаҿы игәрагара азы азҵаара ықәнаргылоит. Жәлар Реизара аминистр игәрамгара азы аӡбамҭа аднакылар, Аҳәынҭқарра изы иарбоу ахаҿы имаҵураҭыҧ аҟынтәи ихы ақәаиҭтәреи Жәлар Реизара ахь ахәаҧшразы акандидатура ҿыц адгалареи хымҧадатәиуп.  

Жәлар Реизара-Апарламент аминистрцәа рыгәрамгара авотум азы алаҳәара ҟарҵар алшоит.

Аӡбамҭа здызкыло Аҳәынҭқарра Ахада иоуп. Жәлар Реизара-Апарламент фымз ирылагӡаны аминистрцәа рыгәрамгара авотум азы еиҭа алаҳәара ҟарҵар, усҟан Аҳәынҭқарра Ахада урҭ аминистрцәа амихыр акәхоит.  

Ари аҩбатәи хадара злоу асистема арҿыцра ауп. Усҟан азакәанҧҵаратә орган аполитикатә процесс анырра аҭаразы реалла алшара аиуоит, даҽа ганкахьала, ари амеханизм уахәаҧшуазар, Жәлар Реизара-Апарламентгьы убасҵәҟьа иаднакылаз аӡбамҭақәа рзы аҭакҧхықәра ахахьы иагоит. 

Ари, жәаҳәарада, Аҳәынҭқарра Ахада изинмчқәа рыхәҭак Жәлар Реизара-Апарламент ахь аиагарала Апарламент инанагӡо ароль аизырҳареи анагӡаратәи административтә функциақәа реиҭеизшара иазырхоуп.

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 3,4 ахқәа аиҭакрақәа ралагалара азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект атекст уахәаҧшыр ҟалоит абри азхьарҧш ала:

httpsҚ//apsny.press/ru/dokumenty/item/5535-proekt-zakona-respubliki-abkhaziya-o-popravkakh-k-glavam-3-i-4-konstitutsii-respubliki-abkhaziya  

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:41