Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСУА ИНТЕЛЛИГЕНЦИА ЗЛАХӘЫЗ АИԤЫЛАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҩаша, 23 Абҵара 2021 16:19 93

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Аҧсны аҭҵаарадырреи акультуреи русзуҩцәа злахәыз аизара мҩаҧигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада аиҧылара иалахәыз аҧсшәа раҳәо иазгәеиҭеит:

«Аинтеллигенциа ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны алагамҭа дуун есқьынгьы. Ҳара ҳтәыла ахаангьы иуадаҩыз аамҭақәа ирҭагылан, аҿаҧхьа иқәгылан иӡбатәыз азҵаарақәа жәпакы. Аус еицаҳуроуп, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәалароуп аҧхьаҟатәи ҳусқәа рзы».

Акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ныгәзар Логәуа атәыла анапхгара азхьарҧшны далацәажәеит апандемиа аан ашколқәа, арҵаҩцәа, акультура аусх аҟны иҟоу русура шуашәшәыроу. 

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа апандемиа инамаданы ауниверситет аҟны амедицинеи абиохимиеи ркафедра аартра аҭахны ишыҟалаз иҳәеит, уи ААУ аҟны аҵара аҳаҭыри ахаҭабзиареи аҵара иашьҭаланы атәыла анҭыҵ ицо аҿар раанкылара иацхраауеит азы. АПР адиректор Арда Инал-иҧа иазгәалҭеит ажәлар ркультуреи рхаҿреи реиқәырхараҟны абызшәа инанагӡо ароль. Уи лажәақәа рыла, аӡыргарақәеи акыдҩыларақәеи абызшәа аганахьала ахылаҧшра рҭахуп.    

Аҭоурыхҭҵааҩ Валери Бигәаа Аҧсны абыргцәа-ақәра ду нызҵаз рсиа шьақәыргыланы урҭ рыҧсҭазаашьеи рнысмҩеи аарҧшразы, алацәажәаразы ажәалагала ҟаиҵеит.

Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа иқәгылараҟны иҳәеит: «Ҳара ҳҳәынҭқарра ахырбгалара зылшо арҭҟәацга аҵоуп. Ҳҳәынҭқарраҟны амчқәыӷәӷәара аҳәаа шьақәзыргыло алкааны иҟаӡам, ари ауп изыхҟьо ақәгыларақәеи Аҳәынҭқарра Ахада иахҳәареи. Аҧсны европатәи аҳәынҭқарра знысыз амчқәыӷәӷәара амҩа изанысӡом. Ҳара ҳҿы амассатә еизарақәа амчқәа ахырҳәар рылшоит, ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа рышьҭахь  «жәларызегьтәи реизара» аидеиа рхы иархәаны  амчрақәа рыҧсахра зылшо  ауаа рхыҧхьаӡара есааира имаҷхоит. Ахәмарра аҧҟарақәа аҧҵатәуп. «Жәлар реизара» аҵакы шьақәыргылатәуп, даҽакала ари ажәеицааира аилахәаахәҭра аҟазшьа амоуп».  

Аиҧылара иалахәыз рыҩныҵҟа тема хаданы иҟан Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылара азҵаара.

«Ари аҭоурыхи арепрессиақәеи ирмузеиуп. Ари Қырҭтәылеи адунеитә уаажәларреи рыҟны аимак-аиҿак аҟны аргументуп», - ҳәа иҳәеит Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр (АҬР) Адиректор Виачеслав Чрыгба. 

Аҳәынҭқарра Ахада Нестор Лакоба ихьӡ зху амузеи аиҭашьақәыргылара 2022 шықәазы ишазгәаҭоу иҳәеит. Иара убас Нестор Лакоба иҭаацәа, иҧшәмаҧҳәыс Сариеи, иҧа Рауфи рбаҟа ашьақәыргылара иамоу аҵак ду азгәеиҭеит.

«Ақалақь ахада Беслан Ешба ари апроект анагӡаразы аҭыҧ азоужьра азы адҵа иҭоуп. Аусура хацыркуп», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада ас еиҧш аиҧыларақәа аринахысгьы имҩаҧгахалоит ҳәа иазгәеиҭеит. «Амчра аусбарҭақәа аус рыцура азы ахеилак аҧҵара азы аидеиа цәгьамзар ҟалап. Ҳара еиҳа лассы-лассы ҳаилацәажәалароуп. Иахьа аҧсуа тәылауаҩратә еилазаареи иара аҳәынҭқарреи   рҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рӷьырак  азеиҧш культура аҩаӡара алаҟәра ауп изыдҳәалоу. Даҽакалагьы изыҟамлозаргьы акәхап, аибашьреи аибашьрашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәеи рнырра умбар залшом. Ари иуадаҩу аҭагылазаашьа жәаҳәарада алҵра аҭахуп. Иахьа џьоукы ирҳәоит ҳара ҳауаажәлар шьҭахьҟа, ахаҳәтә шәышықәса ахь иаҳгоит ҳәа, аха  сара исҳәарц сҭахуп даҽакы, «ахаҳәтә шәышықәса алҵра» азы излауа ала ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит. Убри аҟнытә араҟа шәара ишьҭышәхыз апроблемақәа ҳара зеиӷьаҟам ала иаҳдыруеит. Ҳара иаҳзаанхаз аҳратә Урыстәыла аамҭазтәи ахыбра ссирқәа, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахыбра аума, амузыкатә ҵараиурҭа ахыбра аума - урҭ зегьы иарбанызаалак ақалақь арҧшӡара зылшо иҳараку архитектура аҿырҧштәқәа роуп. Иахьа урҭ аилыбгара иаҿуп, мзызсгьы иамоу акоуп - ареставрациа амҩаҧгара азы аҧара азымхара. Ҳара уи ҳалымшеит 28 шықәса ирылагӡаны. Уи даара имариам усуп. Сара аӡәы ахара идысҵоит ҳәа сгәы иҭаӡам. Ҳара иҭышәынтәаланы аекономика аҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раҧҵара ҳалымшаӡеит», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иқәгылараҿы Аҳәынҭқарра Ахада атәыла аҿы иҟоу аекономика апроблемақәа дырзааҭгылеит. «Иахьа даҽа знеишьақәак аҭахуп. Ихадоу акультура аобиектқәа (Аҧсуа драматә театр, Аурыс драматә театр, Аҳәынҭқарратә филармониа, Аҳәынҭқарратә музеи, уҳәа убас егьырҭгьы) урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала еиҭашьақәыргылан. Аха иҳауо афинанстә цхыраара ахырхарҭақәа аҽанаҧсахуа аамҭақәа ҳарҭагылеит. Асоциалтә усхкы, акультура, аспорт, аҵарадырра – араҟа аҧара рацәа зыҟалаӡом. Ҳара ҳхала аҧара арҳашьа ҳҵароуп. Уи ҳпотенциал аекономикатә еикәыршара аҿы ахархәара мацаралоуп ишзалыршахо»,- ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Аслан Бжьаниа иара убас ари аусхкы аҿы аҧсны-урыстәылатәи аусеицура ашәарҭадареи арӷәӷәареи иадҳәалоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:39