Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

РИҴАТӘИ АРЕЛИКТӘ МИЛАҬТӘ ПАРК АҾЫ АԤСЫӠ АКРА АЗЫ АҚӘИҬЫМТӘРА АЛАГАЛОУП.

Аҩаша, 23 Абҵара 2021 14:30 115

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Аҧсны атәылауаа рзы  атоҧра аамҭахәҭа азы амлаӷәыртә ҧсыӡқәа рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны  абҵарамза 20, 2021 шықәса инаркны ҧхынҷкәынмза 31, 2021 шықәсанӡа Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа аӡиасқәа рҿы аҧсыӡкра азы ақәиҭымтәра алагалаоуп ҳәа адырра алаирҵәеит. 

Иара убас апарк иахьаҵанакуа иара убас ҷыдала ихьчоу аҧсабаратә ҵакырақәа рзы азакәани Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк аусура аҧҟарақәеи инарықәыршәаны аҧстәқәеи аҧсаатәқәеи рдунеи, иара убас аҵиаақәеи аҧхасҭа рызҭо изеиҧшразаалак аунагӡатәқәа (ашәарыцарагьы уахь иналаҵаны) рымҩаҧгара ҟалаӡом. 

Аҧсабаратә обиектқәа зегьы амилаҭтә мазара иаҵанакуеит.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыра 390 квадраттә километр аҟынӡа инаӡоит. Уи Риҵатәи аҳәарҧсарра абаза аҿы иаҧҵан жьҭаарамза 17,1996 шықәса рзы. Аӡиа Риҵа ада уи иаҵанакуеит иара убас Аӡиа Иаҵәа, Гегтәи аӡхыҽҽа, Аӡиа маҷ Риҵа, аӡиа Мзы, Ауадҳара арха аҿы аминералтә хыҵхырҭақәа, аӡиасқәа Бзыҧ, Гега, Иупшара аиҩхааҭшәақәа.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:42