Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

СТАВРОПОЛЬТӘИ АЕПИДЕМИОЛОГЦӘА АԤСНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ИАДҲӘАЛАНЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АҬАГЫЛАЗААШЬА ҬЫРҴААРАНЫ ИҞОУП.

Ахәаша, 19 Абҵара 2021 11:41 71

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсныҟа аусуратә визитла иааит Ставропольтәи амырза чымазара аҿагылара Аинститут ахаҭарнакцәа. Урҭ иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара инамаданы Урыстәыла Аладатәии Нхыҵ-Кавказтәии афедералтә регионқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿиара иацклаҧшуеит. Аспециалистцәа идикылеит атәыла агәабзиарахьчар аминистр Едуард Быҭәба.

«Уажәы иарбоу аокругқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маҷк иҭышәынтәаланы иҟоуп. Ҳреспубликаҿгьы ачымазара ҿкы злаҽыз рхыҧхьаӡара еиҵахо иалагеит. Аинститут аспециалистцәа ааит  аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа хра злоу алҵшәақәа шаадырҧшыз рыблала ирбарц азы», - ҳәа аминистр адырра илҭеит атәыла аснитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.  «Ауааҧсыра рвакцинациа иадҳәалоу аусура маҷк аҧсахрақәа алагалахоит. Ҳара ареспублика ауааҧсыра заанаҵтәи асиа аҽҭагалара ада алаҵа аҟаҵара азы алшара роуртә еиҧш акабинетқәа рахь алаҵа иахәҭоу ахыҧхьаӡара наҳашьҭлоит», - ҳәа илҳәеит Лиудмила Скорик..

Аҧсны иаанахәеит 6 нызықь доза инарзынапшуа авакцина «Спутник V». Ари Аҧсныҟа аагаразы иазҧхьагәаҭаз 30 нызықь доза рҟынтәи актәи ахәҭа ауп.  

Алаҵа амҩаҧгаразы иаарту апунктқәа зегьы рҿы иара убас иҟоуп агрипп чымазара аҟынтәи авакцинагьы «Гриппол Плиус», уи акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи авакцина иацҟаҵазар алшоит. «Аҩ лаҵак ҟаҵаны ҳара ҳгәабзиара авирустә чымазарақәа ҩба ирцәыҳахьчоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Лиудмила Скорик.

Ставропольтәи амырза чымазара аҿагылара Аинститут ахаҭарнакцәа-аспециалистцәа ҧхынҷкәынмзанӡа Аҧсны асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иацклаҧшлоит. Уи аамҭа-аамҭала рҽеиҭныҧсахло аус зуло аепидемиологцәеи алаборатортә диагностика аспециалистцәеи рыла ишьақәгылоу агәыҧқәа ракәхоит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:37