Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АСПЕЦИАЛИСТЦӘА АԤСНЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ ПРОГРАММА АЛА ИНАРЫГӠО АПРОЕКТҚӘА РЫХӘАԤШРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Ахәаша, 19 Абҵара 2021 12:31 86

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Ари амчыбжь азы Аҧсныҟа иааны иҟан Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиареи атранспорти Рминистррақәа рделегациақәа, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани  Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрбеи Урыстәылантәи рколлегацәа рыцны аусуратә еиҧыларақәа мҩаҧыргеит.  

Урыстәылатәи аспециалистцәа Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны зынагӡара мҩаҧысуа апроектқәа рыхәаҧшра мҩаҧыргеит.

Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра иатәу Афедералтә транспорттә Агентра «Урыстәыла автомҩа» аспециалистцәа Аҧсныҟа иааит ареспублика аҿы амҩатә инфратруктура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара азы. Аҭыҧаҿы урҭ Кәыдрытәи аҩхаа аҿы атранспорттә инфраструктура аҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи уи аиҭашьақәыргыларазы анаҩстәи априоритетқәа ралкаареи рзы алшара роуит,

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:39