Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҬЕИМУРАЗ ХЫШБА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АТУРИЗМ АЗЫ АКОМИТЕТ АИЛАТӘАРА ИХЫ АЛАИРХӘИТ.

Аԥшьаша, 18 Абҵара 2021 14:09 69

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аҳәынҭқарратә Дума атуризми атуристтә инфрструктура аҿиареи  рзы Акомитет аилатәара ихы алаирхәит, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҧсны атуристтә Хылаҧшырҭа ахада атуризм аусхкы аҿы аҧсны-урыстәылатәи аусеицура далацәажәеит.

Аиҧылара аҿы иазгәаҭан амшынтә туристтә маршрут «Аҟәа-Шәача-Геленџьык-Ҟрым» амаршрут аиҭахацыркра ахымҧадатәра азгәаҭан. Мшаҧымза 2022 шықәсазы Акомитет аусуратә гәыҧ анҭыҵтәи аилатәара мҩаҧысуеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсни Урыстәылеи ирзеиҧшу атуристтә проектқәа рынагӡара иалацәажәараны иҟоуп.

Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Алеқсеи Волоцков Аҧсны анҭыҵтәи аилатәара амҩаҧгаразы ажәалагала ҟаиҵеит. Ари аҧшьгара еицҿакны адгылара арҭеит.

Аҧсны атуризм аминистр Ҭемураз Хышба арҭ амшқәа рзы аусуратә визитла Москва ақалақь дыҟоуп. Уи араҟа аҳәынҭқарратә туристтә Хылаҧшырҭақәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:36