Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЕДУАРД БЫҬӘБА УРЫСТӘЫЛА АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР АКТӘИ ИХАҬЫԤУАҨ ДИҾЦӘАЖӘО COVID- 19 АҾАГЫЛАРА АЗҴААРАҚӘА ДЫРЗААҬГЫЛЕИТ.

Ахәаша, 19 Абҵара 2021 14:38 86

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Имҩаҧысит Аҧсны агәабзиарахьчара  аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Виктор Фисенкои реиҧылара.

Аиҧылара рхы аладырхәит Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аҧсны  Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ-абжьгаҩ Мадина Аҩӡба, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Оксана Гусева, жәларбжьаратәи аусеицуреи ауаажәларра рымадареи рзы Адепартамент адиректор Алеқсандра Усачиова.

Едуард Быҭәбеи Виктор Фисенкои Аҧсны акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит. 

«Урыстәылатәи аган ҳтәылауаа акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи рыхәышәтәра аҿы аринахысгьы ацхыраара аҭара ишазхиоу азгәанаҭеит. Иара убас аҧснытәи аҳақьымцәа алархәны онлаин-конференциақәа рымҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аиҧылара аҿы «Актемра», «Елсира» реиҧш иҟоу   акоронавирустә ҿкы чымазара ахәышәтәра азы идефициттәу апрепаратқәа раахәара азы алшарақәа ирылацәажәеит. «Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иарбоу апроблема аӡбараҿы ганрацәала ацхыраара ҳанаҭалоит», - ҳәа иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Иара убас Едуард Быҭәбеи Виктор Фисенкои Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа абаза аҟны акардиологиатә центр ҿыц аргылара азҵаареи, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра асертификатқәеи QR-кодқәеи Урыстәылатәи Афедерациа аҿы разхаҵара алыршареи, иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҩганк Рхылаҧшырҭақәа рыбжьара аусеицура азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз Едуард Быҭәбеи Виктор Фисенкои агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:34