Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АГӘАҬАРАТӘ НЫҞӘАРА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН ДАҬААИТ.

Аԥшьаша, 18 Абҵара 2021 10:57 81

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада агәаҭартә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәылрыҧшь араион даҭааит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәарақәа рҳәаа ирҭагӡаны Гәылрыҧшь араион аҟны Аинвестициатә Программа  ала имҩаҧысуа аусурақәа рцашьа ибеит.

 Гәылрыҧшь араион ахада Аслан Бараҭелиа Аҳәынҭқарра Ахада Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны амҩақәа быжьба рыҟны арҽеирақәа шымҩаҧгоу азы адырра ииҭеит.

Аслан Бжьаниа Гәылрыҧшь араион аҟны 1,5 км. иҟоу акаҭран зықәҵоу Баҳадыр Абаӷба имҩа аҭагылазаашьа дахәаҧшит.

Гәылрыҧшь араион ахада иажәақәа рыла, иахьа ари амҩа аҭыҧантәи ауааҧсыреи атуристцәеи еицырдыруа мҩаоуп, аха ҩышықәса раҧхьа ари амҩала аныҟәара алшомызт.

Аслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит аобиект ахарџьынҵатә хәыҧса 6,375 млн. мааҭ шартәаз.

Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада дахәаҧшны ибеит 11 млн. 205 нызықь мааҭ  зхарџьынҵа артәаз «Акурортә» мҩаҟны иҿыцны акаҭран ақәҵара амҩаҧгара шыҟаз.

Анаҩс уи аџьармыкьа даҭааит, араҟа ҿыц акаҭран шьҭаҵоуп. Аџьармыкьа адиректор Вадим Џьынџьал Аҳәынҭқарра Ахада аџьармыкьа аиҭашьақәыргылара аҿы ацхыраара даҳәеит.   

Аџьармыкьа агәаҭара анаҩс Аслан Бжьаниа Миасниково ашҟа ицо амҩа аиҭашьақәыргыларазы имҩаҧгаз аусура азҿлымҳара аиҭеит. Ара иара убас аҿҳәара ахыркәшараҟынӡа иқәҵан 1,5 км. рҟынӡа инаӡо акаҭран.

Иааиуа ашықәс азы иазҧхьагәаҭоуп амҩа адгьылҳәазаратә ҭыҧ 200 метра рҟынӡа аиҭашьақәыогылара. Ари апроект ахәҧса иартәоит 4 млн 215 нызықь мааҭ.  

Мархьаул ақыҭан Аҳәынҭқарра Ахада Арра-Аҟәатәи амҩаду аҭагылазаашьа гәеиҭеит. 2020 шықәсазы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган, 8 км. рҟынӡа инаӡо акаҭран мҩа ҟаҵан. Иарбоу аусурақәа ирықәхарџьын 54 млн. мааҭ.  

Аслан Бараҭелиа ишазгәеиҭаз ала, ари амҩа рхы иадырхәоит 300 ҭаацәара инарзынаҧшуа.

Аслан Бжьаниа иара убас Допуаарқыҭ аҟны Кәыдры Маҷ аӡиас иху ацҳа ибеит. Ари ацҳа 2021 шықәса, нанҳәамзазы иҟаз амш бааҧсқәа ирыхҟьаны ихырбгалан. Аҳәынҭқарратә наплакы «Аҧсны аҟәара ахьчара»  5 млн. мааҭ рыхә ахарџьынҵа азнархиеит, избан акәзар аӡы анхыҵуа араион ауааҧсыра аҧхасҭа ду рнаҭоит.

Аныҟәарақәа рхыркәшамҭаз Аҳәынҭқарра Ахада араион анапхгараҭара ирыдиҵеит Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аусурақәа ирзоужьу аҽҳәарақәа ирҭымҵырц.

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:09