Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Даур Ақаҩбеи Аҧсны иҟоу Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи авидеоконференциала еиҽцәажәеит.

Ахәаша, 04 Цәыббра 2020 17:52 519

 

Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс.  Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аҧсны иҟоу Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи авидеоконференциала еиҽцәажәеит.   Авидеоконференциа Ареспублика Никарагуа ала Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә суверенитети ахьыҧшымреи азхаҵара ҟалеижьҭеит жәаҩа шықәса аҵра иазкын.

Уи рхы аладырхәит Лаҭынтәи Америка, Азиеи Азиат-Океанҭынчтәи арегиони рдепартамент анапхгаҩы, Мадина Зухба, адепартамент ареферент еиҳабы Инар Ладариа, иара убас Ареспублика Аҧсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Ҳаҭыр зқәу Ацҳаражәҳәаҩ Алиас Ҳашба.  

Даур Ақаҩба гәык-ҧсыкала ацәаражәҳәаҩ аҧсшәа иаҳәо  Никарагуа ажәлари Аҧсны ажәлари зхы иақәиҭу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы ргәазыҳәара ацхыраара иаҵоу аҵакы ахадара ҷыдала иазгәеиҭеит.

“Ҳара ари амш, ҳҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуаз аамҭахәҭа азы иҳауз аиҩызаратә дгылара ҳхашҭраны ҳаҟаӡам”, - ҳәа иҳәеит иара.  

Альба Асусена Торрес Мехиа аҧснытәи лколлегацәа никарагуатәи ажәлар зегьы ахьӡала аҧсшәа ралҳәеит, аҩ-республикак рыбжьара аринахысгьы хра злоу аусеицуреи аиҩызареи ишрыцҵахо азы агәыҕра шлымоу азгәалҭеит.