Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Алхас Кәыҵниа: “Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиҧылара аҿы аҳәынҭқарра адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит

Ахәаша, 04 Цәыббра 2020 17:57 413

 

Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс.  Цәыббрамза 3 рзы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы адепутатцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиҧылара мҩаҧысит. Ажурналистцәа аиҧылара иалахәӡамызт.

Аҧсныпресс Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа иахь аиҧылара аҿы иззааҭгылаз азҵаарақәа дрылацәажәарц азы   аҳәара ҟанаҵеит.

АП: Алхас Алеқсеи-иҧа, цәыббрамза 3 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиҧылара. Шәара уи шәалахәызма? Иахзеиҭашәҳәар ҳҭахын аиҧылара аҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа ртәы?  

Алхас Кәыҵниа: Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиҧылара аҿы аҳәынҭқарра адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Ишьҭыхыз азҵаарақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан иара убас  апартиа “Альянс патриотов Грузии” ахаҭарнакра зуа ақырҭуа политикцәа Аҧсныҟа раара иадҳәалоу азҵаарагьы. Аслан Бжьаниа иарбоу атема ала  адепутатцәа изызҿлымҳаз азҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵеит.  

АП: Асаит  https://www.apsnypublic.ru аҿы, Апарламент адепутатцәа рахь азхьарҧш ҟаҵо, Аслан Бжьаниа ақырҭуа ган аусацуразы аӡбамҭа адкылараан дзықәныҟәоз арбану ҳәа адепутатцәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо “Ҳара агха ҟаҳҵеит. Ус аума уи? ҳәа аҭак ҟаиҵеит ҳәа аинформациа кьыҧхьхеит.

Алхас Кәыҵниа: Уи аҩыза ыҟаӡамызт. Ари аҩыза аинформациа ҵаҵҕәыдоуп, имцыркуп.