Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Алеқсандр Анқәаб Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа Реидгыла ахантәаҩы Казбек Иахогоев дидикылеит.

Ахәаша, 04 Цәыббра 2020 16:16 424

Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа Реидгыла ахантәаҩы Казбек Иахогоев диҧылеит.

Аҧсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура излаанаҳауа ала, иарбоу аиҧылара аҿы Аҧсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рыҟны иҟоу  аветерантә еиҿкаарақәа русеицура, аветеранцәа атәыла ауаажәларратә ҧсҭазаара рылархәра, Нальчик ақалақь аҿы хатәгәаҧхарала аибашьцәа Реидгыла аусура аплани апроктқәеи рышьақәырҕәҕәара, Аидгылара ареспондентцәа Аҧсны аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаҧгатәқәа рылархәра, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.   

Аҧыза-министр хатәгәаҧхарала еибашьуаз Нхыҵ Кавказ аиашьаратә ашьхарыуа жәлар 1992-1993 шш. рзы иаадырҧшыз афырхаҵара Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа хьтәы нбанла ианылеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Аветерантә еиҿкаарақәа рҟынтәи ишиашоу еиҵагыло аҿар ари аибашьраҿы ҳажәларқәа еицааргаз аиааира атәы рызнагалатәуп”, - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

Аиҧылара хыркәшо, атәыла аҧыза-министр атәыла Анапхгара хатәгәаҧхарала еибашьуаз еидызкыло аиҿкаарақәа асоциалтәи егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбараҿы адгылара рыҭара иазхиоуп ҳәа иазгәалҭеит.