Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҧсны аекономика Аминистрра аҿы атранспорттә усхкы иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара мҩаҧысит.

Ахәаша, 04 Цәыббра 2020 15:56 526

Аҟәа. Цәыббрамза 4. 2020 ш. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны апассаџьыртә мҩангара назыгӡо автотранспорттә наплакқәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаҧылгеит.

 

 Аилатәара аҿы автотранспорттә наплакқәа русура иадҳәаланы иҟоу апроблемақәеи аиҿкааратә зҵаарақәеи, иара убас автовокзалқәа русуреи ирзааҭгылеит.

 

Кристина Озган иарбоу анаплакқәа рнапхгаҩцәа мызкы иалагӡаны апассаџьыртә мҩангара анагӡара аусхкы аганахьала амаҵзурақәа рҭышәынтәалара иазкны ажәалагалақәа реиқәыршәаразы  адҵа рылҭеит. 

 

Last modified on Ахәаша, 04 Цәыббра 2020 18:05