Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҳәынҭкомитети ашьапылампылтә академиеи “Зенит” Аҧсны ахәыҷтәы-қәыҧштә зыҟаҵаҩцәа рзы аонлаин-курсқәа еиҿыркаауеит.

Ахәаша, 04 Цәыббра 2020 15:53 467

Аҟәа. Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ашьапылампыл азы ахәыҷтәы-қәыҧштә зыҟаҵаҩцәа рзы категориа “D” иаҵанакуа  аонлаин-курсқәа еиҿнакаауеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҧсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

 Ари апрограмма ашьапылампылтә академиа “Зенит” (ақ. Санкт-Петербург). ацхыраарала еиҿкаауп.

“Акурсқәа анхыркәшахалак ашьҭахь, азыҟаҵаҩцәа UEFA астандарт иақәшәо алицензиақәа рыҭахоит. Анаҩс ашьапылампылтә клуб “Зенит” Аҧсны ашьапылампылтә академиа аҿга аартра азҧхьагәаҭаны иамоуп”, - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҧсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбаз.

Азыҟаҵара иахысраны иҟоуп 27 - ҩык Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы ахәыҷқәа аус рыдызуло азыҟаҵаҩцәа. Азыҟаҵаҩцәа урыстәылатәи атәылауаҩра рымазар ахәҭоуп – уи аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы ихымҧадатәиуп.

Азыҟаҵара мҩаҧыслоит цәыббрамза 7 инаркны 18 рҟынӡа  Аҟәа ақалақь, И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны.