Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.

Аҩаша, 01 Цәыббра 2020 17:42 493

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2020 ш. Аҧсныпресс. Иахьа, Цәыббрамза 1 азы, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.   

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Акыр иаҧсоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа! Ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс алагара! Сынтәа даҽа аамҭак еиҧшымкәан зегь шәазыҧшын ари амш. Адунеи зегь зымҽхазкыз ачымазара иахҟьаны шықәсыбжак иеиҳауп шәара шәҵараиурҭақәа рахь шәымныҟәоижьҭеи, убри аҟнытә иахьатәи амш лымкаала иацуп агәхьаагареи агәыбылреи. Хымҧада сынтәатәи аҵарашықәс уаанӡатәиқәа излареиҧшым рацәахоит. Макьана иҳамазароуп агәҽанызаара, ҳрықәныҟәалароуп аҳақьымцәа иҟарҵо абжьгарақәа, аамҭала иаанаҳкылароуп бзиа иаабо ашколтә ныҳәақәа рымҩаҧгареи, аспорттә еицлабрақәеи.   Зегь агәра ҳгоит арҭ ауадаҩрақәа лассы ишымҩасуа, ҳшазыхынҳәуа ҳзышьцылахьоу, усхк рацәала ибеиоу ашколтә ҧсҭазаара. Лымкаала срыдныҳәалар сҭахәуп раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьапы еихызго ахәыҷқәа. Иахьа инаркны шәара шәанылоит иҭбаау, зегь рыла ибеиоу аҵарадырра амҩа. Ишәыцзааит еснагь аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа, ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиарақәа. Аҵарадырра аусхк аҳәынҭқарраҿы лымкаала ахшыҩзышьҭра зҭатәу хырхарҭоуп. Ҳашколқәа рҿы ауп иахьеиқәҳархо ҳбызшәа, иахьаҳааӡо аҧхьаҟатәи аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аекономистцәа, аҧсуа ҳәынҭқарра уаҵәы напхгара азҭо аполитикцәа. Ҳабжьаратә ҵараиурҭақәа иахьатәи русура хымҧада ианыҧшуеит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аҧеиҧш. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳарҵаҩцәа. Шәусураҿы ишәҧыло ауадаҩрықәа шмаҷымгьы, шәгәы ацәкамыршәкәан шәаҿуп аҿар рааӡара. Ишәдыруаз, аҳәынҭқарра анахгара рҟынтә еснагь адгылара шшәымоу. Иҳазгәакьоу ашколхәыҷқәа, акыр иаҧсоу арҵаҩцәа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара дуқәа! Ҳаҭырла,  Аслан Бжьаниа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

 

 

Last modified on Аҩаша, 01 Цәыббра 2020 17:44