Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АТӘЫЛАУАА ИРХИОУ РТӘЫЛАУАҨШӘҞӘҚӘА РГАРЦ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.

Ахаша, 17 Абҵара 2021 15:04 68

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Абҵарамза 17 инаркны  урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара мҩаҧыслоит ашәахьа инаркны ахәашанӡа асааҭ 09:00 инаркны 16:30 рҟынӡа, шьыбжьхьа афаразы  аҧсшьараамҭа асааҭ 13:00-14:00 уахь иналаҵаны, ҳәа адырра ҟаҵоуп Facebook аҟны Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа адаҟьа аҿы.

Ҳазҭоу ашықәс ҧхынҷкәынмзазы атехникатә мзызсқәа ирыхҟьаны аконсултә ҟәша аҭааҩцәа рыдкылара аанкылазар ахьалшо инамаданы, зҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рхиоу атәылауаа зегьы хара имгақәа урҭ раиуразы Ацҳаражәҳәарҭа иадҵааларц абжьгара ҟаҳҵоит», ҳәа иазгәаҭоуп аацҳамҭа аҿы.

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 16:24