Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤЫЗА-МИНИСТР ЖЕНЕВАТӘИ АДИСКУССИАҚӘА РЫЦХАНТӘАҨЫ ЏЬИХАН СУЛҬАНОГЛУ ДИДИКЫЛЕИТ.

Ахаша, 17 Абҵара 2021 19:57 79

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Амқәаб Кавканҭыҵ  ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи Женеватәи адискуссиақәа рыцхантәаҩы Аише Џьихан Сулҭаноглууи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи Женеватәи адискуссиақәа рҿы иҷыдоу ахаҭарнак иполитикатә абжьгаҩ еиҳабы Хаилу Мамои идикылеит. 

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиҧылара аҿы женеватәи адискуссиақәа Аҧсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә еизыҟазаашьақәа рылацәажәара азы имҩаҧысраны иҟоу 55-тәи араунд амшхәаҧши ихадоу плошьадка аҳасабала иалацәажәеит. Аҧсны акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара аҿагылара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьагьы  иалацәажәеит.

 

Алеқсандр Анқәаб Аҧсны ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьара иазку аусмҩаҧгатәқәа аҿы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рылахәхара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Аҧсны иҿыцу асоциал-гуманитартә проектқәа рынагӡара аперспективақәа рганахьала аиҧылара иалахәыз аганқәа аусеицура арӷәӷәара азы еилацәажәеит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 16:59