Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤЫЗА-МИНИСТР УРЫСТӘЫЛАТӘИ АДЕЛЕГАЦИА ИДИКЫЛЕИТ.

Ахаша, 17 Абҵара 2021 12:56 92

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрреи аекономикатә ҿиара Аминистрреи рхаҭарнакцәа злахәыз аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аспециалистцәа рделегациа напхгара аиҭоит Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра иҷыдоу апрограммақәеи апроектқәеи рдепартамент адиректолр Витали Гудин.

Урыстәылатәи аделегациа алахәылацәеи урҭ аҧснытәи рколлегацәеи Алеқандр Анқәаб изеиҭарҳәеит «Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аинвестициатә Программа» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа апроектқәа изаамҭанытәиу рыхәаҧшра шымҩаҧысуа атәы. 

Аиҧылара аҿы иҟоу Аинвестпрограмма аҿы ицәырҵуа апроблематә зҵаарақәеи урҭ рыӡбаразы иалху амҩақәеи инарҭбааны ирылацәажәеит.

Аиҧылара иалахәыз иара убас «2022-2025 шш. Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә Программа» апроект иалацәажәеит.

Аиҧылара иалахәыз иара убас  Кәыдрытәи аҩхаа аҿы атранспорттә инфраструктура аиҭашьақәыргылара аперспективақәагьы уахь иналаҵаны, ареспублика аҿы амҩақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа хазы ирылацәажәеит,

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 16:44