Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АОППОЗИЦИА «АԤСНЫ ЖӘЛАР–ПАТРИОТТӘ ЕИДГЫЛАРА» АԤНАҴОИТ.

Ахаша, 17 Абҵара 2021 13:20 76

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Абизнес-центр «Еверест» аҟны «Аҧсны Жәлар-патриоттә Еидгылара» аҧҵара азы аиқәшаҳаҭра анапыҵҩра мҩаҧысит. Араҟа иара убас иҿыцу  ауаажәларра-политикатә платформа аусура ихадоу ахкқәеи ахықәкқәеи рзы  адекларациа рыдыркылеит.  

Аҧсны Жәлар-патриоттә Еидгылара иалалеит: ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны Жәлар Реиҿкаара», (Адгәыр Арӡынба), ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аидгылара» (Кан Кәарҷиа), ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа», (Ҭемыр Гәлиа), ауаажәларратә еиҿкаара «Ахьаца» (Ахра Бжьаниа), «Аӡҩыбжьа ақыҭа Ақыҭатә Хеилак» (Зураб Кокаиа), «Аҧсны Жәлак ракзаара Афорум» (Аслан Барцыц),  арепубликатә политикатә партиа «Аҧсны» (Витали Габниа), «Аҧсны Жәлар рапартиа» (Иақәыб Лакоба), ауажәларратә еиҿкаара «Аҧсны аказакцәеи аказакцәа-аибашьра аветеранцәеи Реидгыла» (В.Шелест).

Аҧсны Жәлар Реиҿкаара аҧыза Адгәыр Арӡынба атәыла анапхгара ҩышықәса рыла программак рыдрымкалаӡеит, реформак нармыгӡаӡеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ҳара ари Аидгылара атәыла аизҳазыӷьреи атәылауаа зегьы рыҧсҭазаара аиӷьтәреи алыршаны иҟаларц азы иаҧаҳҵоит. Ари ауп иахьатәи ҳаиҧылара хықәкы хадасгьы иамоу. Ҳара зегьы Аҧсны ҳанхоит, ҳаблала иаабоит, иаҳныруеит иахьа имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы. 2020 шықәсазы атәыла анапхгара ахҳәара мҩаҧган, усҟан уи активла адгылара аиҭон иахьа иаҳхагылоу ҳҳәынҭқарра Ахада. Уимоу, хәышықәса инареиҳаны уи аҧхьа иара аоппозициатә мчрақәа драҧхьагыланы аконституциа иаҿагыло ауснагӡатәқәа мҩаҧигон, ауаажәларра реилаҩынтра, рырбыжкра иазкыз аусҩаҧгатәқәа напхгара аиҭон. Ҳара ҳтәыла усҟан аибашьра ахьымҩаҧысуа аҭыҧ акәын изеиҧшраз, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра аанкылара аума, аммҩақәа раркра аума, апакрышкақәа рбылра, аибаҧҟара, уҳәа  ахҭысқәа лассы –лассы аҭыҧ ахьамаз аҳәынҭқарра. Амассатә акциақәа зегьы ауаа реиҿагылара ахь ицәырҵуан, аха ҧасатәи анапхгара акоманда усҟан иаанарҧшыз ахарахәыцреи алшамҭақәеи ирыбзоураны мацара ауп уи атәылауаҩратә еибашьра ахь аиасра зыҟамлазгьы. Ҳара зегьы урҭ ахҭысқәа ҳархаануп, ҳаблала иаабаз ауп. Иахьа ари акоманда амчрахь инеит, изышьҭаз рхықәкы наӡеит. Хәы-шықәса рҽазыршәо мацара, атәыла анапхгара аусуразы алшара анамҭо, атәыла аҿиара аанкыло урҭ ирулакгьы амчра рнапаҿы аагара рылшеит.  Абар уи нахыс ҩышықәса ҵит, аха ҳара реформакгьы мҩаҧганы иаабом, хра злу еиҭакрагьы ыҟам, акымзарак акгьы ҟаҵаны иҟам. Акызаҵәык ауп иаабо – ҳтәылауаа рыҧсҭазаара акыр еицәахеит. Ҳара аҵахь, ахаҳәтә шәшықәсахь ацара ҳаҿуп, афымцамчи аҧхарреи реиҧш иҟоу аелементартә бзазаратә цәырҵрақәа ҳреигәырӷьо ҳалагеит. Ҳара ҧшьаала Аҩадатәи Африка аҿы иҟоу аҧсҭазаашьа аҩаӡара ҳазааигәахо ҳалагеит. Уи зегьы ирыцлеит адунеи зегьы зымҽханакыз ачмызара ҿкы бааҧсы COVID-19. Аофициалтә статистика излаҳнарбо ала, рыҧсҭазаара иалҵит 500-ҩык ауаа, иофициалым астатистика аагозар, ари арбага ҩынтә ишьҭаҳхыр алшоит. Иахьа уажәраанӡа еилкаамкәа иаанхоит ари ачымазара бааҧсы аҿагылара алогикеи алгоритми», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.   

Уи иара убас атәыла анапхгара атәыла аҿиара амҩа анылара рҭахӡам, мамзаргьы ирылшаӡом ҳәа иазгәеиҭеит.

«Икоуп адекларативтә згәаҭарқәак, апроект дуӡӡақәа, урҭ зегьы Аҳәынҭқарра Ахада изинмчы аҽҳәара акыр иахысуеит, хшыҩла ацәажәара зынӡа иаҵанакӡом, насгьы иазгәаҭатәуп даҽакгьы азҧхьагәаҭарақәа мацарала угәы зҭәуам»,- ҳәа иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, асоциалтә каҭақәа рҿы аӡәы уажәтәи атәыла анапхгара аганахьала гәаамыхәарала акы иҿыҵшәар, уи иаразнак еиуеиҧшым иҧаршеиу (афеикттә) адаҟьақәа рҟынтәи иқәпапоит, аҳәынҵәа иқәҭәара иалагоит.

«Уи амыхәар, усҟан ахы аланагалоит Апрокуратура, акриминалтә еилыргарақәа, ақыҭақәа еизыргоит, иаагозар, адепутатцәа еизганы зегьы ишырбо аҽыҧныҳәақәа рыҭара иалагоит. Уигьы амыхәошәа рбар, усҟан аҭаҷкәымла аус аӡбарахьы ииасуеит. Убри аан акгьы аанагаӡом уи Аиааира амш аҽны иҟалама, ааигәа–сигәа ахәыҷқәа ыҟоума, мамзаргьы аветеранцәа. Абри зегьы назыгӡо аҧсуа жәлар рдоуҳамчи ргәыжәлеи рзы рдырра даара имаҷзар ҟалап».. 

Аҧсны Жәлар Реиҿкаара анапхгаҩы ҩышықәса рыла знык иадамзаргьы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыраахь ааҧхьара шимоуц азгәеиҭеит. 

«Ари Аҧснытәи ателехәаҧшра аку, Аҳәынҭқарра Ахада ихатәы телехәаҧшра аку? Аҳәынҭқарратә телехәаҧшра аефир аҿы альтернаивтә гәаангара арбара зыҟамлои иахьа? Ииашоума уи? Мамзаргьы шәара Аҧсуа Телехәаҧшра анаанышәкылаз еиҧш шәметодқәа ҳхы иаҳархәароуп ҳәа ишәыҧхьаӡома? Аӡәыр игәы иаанагозар ас еиҧш ауснагӡатә аҟаҵара зҭаху дыҟам ҳәа, уи игәы дажьеит. Ҳара шәара ҳшәеиҧшхар ҳҭахӡам, аха ада ҧсыхәа ҟамлар, усҟан ажәлар ринтересқәа рыхьчара ахьӡала ас еиҧш аусмҩаҧгатәқәа наҳагӡар акәхоит», - ҳәа иажәахә хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Адгәыр Арӡынба. 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахьаца» ахантәаҩы Ахра Бжьаниа иҳәеит: «Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иаабоит, Аҧсны ажәларгьы ирбоит уи, ҳҳәынҭқарра аҿиара амҩақәеи, уи аҿиара апланқәеи ҳаамҭазтәи астандартқәа роума ҳҭаххрақәа роума акы иақәшәом.  Ауаажәларра уи ахшыҩзышьҭрада иазааннажьуам. Шәара шәинтересқәа рыхьчара знапы ианышәҵаз ауаа уи рылымшозар, шәҳәынҭқарра аҿиара ааныркылозар, рхы иадырҵаз аҭакҧхықәрақәа нармыгӡозар, усҟан атәылауаҩратә активра аарҧштәуп.  Иҟалалоит ауаа акы рхахьы иганы ианырзынамыгӡо, аха нас еиуеиҧшым ала уи ариашара ршазыршәоит.  Аҽхырцәажәареи аоппонентцәа рышьҭашәарыцареи  иадҳәалоу аполитика – иҵоурам тенденциоуп, уи иҽеим ахь икылнагар алшоит. Зегьы ирыцку, абра иҟоу зегьы еидызкыло  - уи ҳҳәынҭқарра злашьаҭарку ауп. Уи ҳара ҳахәдуқәа - ҳадгьыл, ҳмазара, ҳтәылауаҩшәҟәқәа, ҳтәылауҩра асуверенитет ауп. Зегьы реиҳа ихадоу- еилшәара змам ҳаҿиара агәрагара ауп. Абри ашьаҭала ҳара иахьа ҳаидгылеит. Абри аидеиа ҳара аконституциатә мҩала, азакәантә методқәа рыла аӡыргара алҳаршалоит».  

Аполитикатә партиа Аҧсны Жәлар Ракзаара Афорум ахантәаҩы Аслан Барцыц  иахьатәи аизара машәыршақәа иҟамлаӡеит, уи аидгыларатә ҟазшьа аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара ҳалшарақәа зегьы еидаҳҵоит, избан акәзар ас уаҳа аусқәа рцара ҟалашьа аманы иаабом. Ауаажәларра рҭагылазаашьеи ауа рынхашьеи ессааира еицәахоит. Ҳара ҳшьаҿақәа аҭагылазаашьа арҽеира иазырхоуп. Араҟа иахьа ареванш агара азҵаара акәӡам иқәгылоу. Ус аӡәгьы игәы иаанамгааит. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа лыҧхала алҵра даара иуадаҩуп. Доусы аполитиктә зеиӷьашьарақәас  имоу, гәыҧс дзыдгыло, уҳәа  иадҳәаламкәа ажәлар зегьы реидгылара ада ҳара арҭ акырзхыҵуа аусқәа рыӡбара ҳалшарым».

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аидгылара» ахантәаҩы Кан Кәарҷиа ахәҭакахьала иҳәеит: "Ҳара аибашьра алҵшәақәа реиҭахәаҧшра ҳаураны ҳаҟаӡам. Ҳара ҳауаажәларра рыҩныҵҟа аидеологиатә шьақәгылашьеи аориентирқәеи рхыбгаларазы аҽазышәарақәа ӷәӷәала аҿагылара ҳазхиоуп. Иазгәоумҭар залшом, иахьа аполитикахь ишнеиз иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы ишьақәгылаз, реиҳабацәа анапхгаҩцәа  инарыгӡоз аексперименқәа збоз  иҿыцу абиҧара».

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа  Аҧсны жәлар реизҳазыӷьаразы уажәтәи атәыла анапхгара иҟанаҵо акыр имаҷуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аидгылара алахәылацәа ааигәа идуу апресс-конференциа шымҩаҧырго азы адырра ҟарҵеит. Урҭ ишазгәарҭаз ала, уаҟа иҿыцу аполитикатә еидгылара аплан аӡыргара мҩаҧгахоит. ***   ***

АԤСНЫ ЖӘЛАР-ПАТРИОТТӘ ЕИДГЫЛАРА ИАДНАКЫЛАЗ АДЕКЛОРАЦИА.

Ҳаҧсадгьыл аҿаҧхьа иҳамоу аҭакҧхықәра еилкааны, ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымреи ахақәаиҭреи астатус аиҭашьақәыргылара зыҧсҭазаара ахҭынҵоу Аҧсны аҧҳацәеи аҧацәеи ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵо, Аҧсны Аконституциеи Аҧсны атәылауааи рзакәантә зинқәа рхадара еилкааны, «Аҧсны жәлар-париоттә Еидгылара» - ҳгәаанагарақәа ҳацеиҩызшо аколлективтә еиҧш хазхаҭалатәи алахәылацәа рзы иаарту инарҭбаау ауажәларра-политикатә птатформа шаҧаҳҵо азы алаҳәара ҟаҳҵоит.

Аҧсны Жәлар-патриоттә Еидгылара ахықәкқәеи ахыдҵақәеи ииашоу, ҳаамҭа иақәшәо, социалла ихьчоу ауаажәларратә шьақәгылареи атәыла  зус здыруа, аҭакҧхықәра зцу аполитикацәа ахаргыларала Аҧсны  Аҳәынҭқарра аполитикатә, аекономикатә, адемографиатә суверенитет ахьчара иазырхоуп. 

Иазгәаҳамҭар залшом иахьа агәабзиарахьчара, аенергетика аусхкқәа рҿы ипрофесионалтәым  анапхгараҭаратә ӡбамҭақәа рыдкылареи аҭакҧхықәра зцым аполитика амҩаҧгареи, еиҭамҵуа амазара азҵаарақәа ишакум рыӡбара, азин анормақәа иналкь-аалкьны ахархәара, атәылауаа аполиикатә мотивқәа рыла ркыдцалара, уҳәа ҳҳәынҭқарратә шьақәгылара ашәарҭара ӷәӷәа ишҭанаргыло. 

Ҭакҧхықәрала иазгәаҭоит, ҳара ҳаҧсабара, ҳадгьыл, ҳинфраструктуратәи егьырҭ активқәа иахәҭоу ахьчара амазароуп, уи Аҧсны атәылаа ишыртәу иаанхароуп, урҭ реизҳазыӷьара ацхыраара иазкызароуп.

Иахьатәи амчра инанагӡо политикала, економикала, идеологиала, уҳәа акала ишьаҭаркым, уимоу ажәларҿагыларатә проектқәа рынагӡара алмыршареи раҧыхреи рзы иҟоу амчқәа ркоординациа азы агәҭакқәа шҳамоу инамаданы аҳәамҭа ҟаҳҵоит.

Ҳара аибашьрашьҭахьтәи апрофесионалцәеи апатриотцәеи рабиҧара шәахь аҳәынҭқарра аиқәырхареи ареформақәа рымҩаҧгареи апроцесс шәхы алашәырхәырц ааҧхьара ҟаҳҵоит. Аҧсны иҿыцу амшхәаҧш анагӡаразы шәаамҭа ааит.

Атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш згәы иҵхо зегьы шәахь, ишәымоу аполитикатә адҳәалазареи амилаҭтә зыҟазаареи иахьыҧшымкәа ҳаҧшьгара адгылара ашәҭарц ааҧхьара ҟаҳҵоит. 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 16:56