Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРЕИ МОСВЕИ САНКТ-ПЕТЕРБУРГИ ИԤХЬАГЫЛОУ АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘЕИ РЫБЖЬАРА АУСЕИЦУРА ИҾЫЦУ АҨАӠАРА АХЬ ИЦӘЫРҴУЕИТ.

Ахәаша, 26 Абҵара 2021 20:07 929

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Блохин ихьӡ зху аонкологиа азы аҭҵааратә медицинатә Милаҭтә центр аҿы Едуард Быҭәбеи ацентр адиректор, Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа академик, апрофессор Иван Стилиди реиԥылара мҩаԥысит.  

Уи иара убас рхы аладырхәит амедицинатә наукақәа ркандидат, анаукатә Ҭҵааратә Институт адиректор, Н.Н. Трапезников ихьӡ зху аклиникатә онкологиа адирекор Павел Кононец, амедицинатә наукақәа рдоктор, Санкт-Петербург агәабзиарахьчара азы акомитет аонколог хада Дмитри Гладышев, аклиникатә институтқәа рҳақьым хада Игорь Дорошев, А.Н. Рыжих ихьӡ зху аколопроктологиа азы Анаукаҭҵааратә Медицинатә Институт анапхгаҩы, апрофессор Сергеи Ачкасов, Н.Н. Петров ихьӡ зху абдоминалтә онкологиа азы Анаукаҭҵааратә Медицинатә Институт ахирургиатә ҟәша анапхгаҩы, апрофессор  Алексеи Карачун. 

Аиԥылара иалахәыз Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр  Аԥснытәи апациентцәа аринахысгьы ацхыраара шроуло азы дақәдыргәыӷит.

«Блохин ихьӡ зху аонкологиатә центр аҿы Аԥсны атәылауаа уанӡагьы ацхыраара роуан. Деталла азҵаара алацәажәареи хаҭалатәи аконтактқәеи ирыбзоураны, урҭ ари ацхыраара ашәагаа аизырҳара иазхиоуп, аонкоцентр аҳәаақәа ирҭагӡаны зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраарагьы уахь иналаҵаны», - ҳәа  аиԥылара анхыркәшаха ашьҭахь иҳәеит Едуард Быҭәба.

Иара убас, аиԥылара иалахәыз Блохин ихьӡ зху аонкологиа азы Анаука-медицинатә Ҭҵааратә Институт аҿы аԥснытәи аҳақьымцәа рыквлификациа аизырҳара  азы разыҟаҵара ишазхиоу рҳәеит. 

«Арҭ ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аспециалистцәа апациентцәа рконсультациа амҩаԥгареи иаҭахханы иҟалозар аҭыԥ аҿы аоперациақәа рынагӡареи ҳҳақьымцәа рзы амастер-классқәа рымҩаԥгареи рзы Аԥсныҟа аара иазхиоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 20:09