Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҬЕИМУРАЗ ХЫШБЕИ ЗАРИНА ДОГУЗОВЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АТУРИЗМ АЗЫ АГЕНТРЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АТУРИЗМ АМИНИСТРРЕИ РЫБЖЬАРА АИЛИБАКААРА АЗЫ АМЕМОРАНДУМ РНАПЫ АҴАРҨИТ.

Ахаша, 17 Абҵара 2021 14:25 72

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа  атуризм азы Агентра анапхгаҩы Зарина Догузова дылҧылеит.

Аҧсни Урыстәылеи атуризм азы Ахылаҧшырҭақәа рнапхгаҩцәа атуристцәа рыҧсшьараамҭа  ахгара арманшәалара азы аҭагылазаашьақәа раҧҵара, аҧхынтәи акурортә аамҭахәҭа аихшьаалақәа, иара убас аӡынтәи атуризм ашәарҭадара алыршара азҵаарақәа ирылацәажәеит. 

Урыстәылатәи Афедерациа атуризм азы Агентра аиҳабы Зарина Догузова урыстәылатәи атуристцәа рзы аҳәаанырцәҟа аныҟәарақәа разҧхьагәаҭара аан ихадоу ахырхарҭаны иҟоу урҭ ршәарҭадареи рыҧсшьаратә ҭагылазаашьақәа рырманшәалареи роуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. 

Аиҧылараҿы Ҭеимураз Хышба Урыстәылатәи иколлега лахь урыстәылатәи акруизтә ӷбақәа Аҟәатәи амшынбаӷәаза рҭаара азҵаара аӡбаразы ажәалагала ҟаиҵеит. Аминистр ишазгәеиҭаз ала, акруизтә туризм Аҧсныҟа иаауа атуристцәа рхыҧхьаӡара акыр еизнарҳар алшоит, атәыла азы ахатәы туристтә потенциал аизырҳара азы хра злоу алшарақәа аҧнаҵоит.

Аиҧылара аихшьаалақәа рыла, аганқәа Аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц азҭо, аҩганк рыла атуристтә поток аизҳареи, иара убас атуристтә маршрутқәа рырҭбаара алзыршо «Урыстәылатәи Афедерациа атуризм азы Афедералтә агентреи Аҧсны Аҳәынҭқарра атуризм Аминистрреи рыбжьара аилибакаара азы Амеморандум» рнапы аҵарҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра атуризм Аминистрра апресс-маҵзура. 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 16:41