Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АКАССАЦИАТӘ КОЛЛЕГИА АҞӘАТӘИ АӠБАРҬА АУАҨШЬРАҾЫ ИГӘҨАРОУ ИГАНАХЬАЛА ИАДНАКЫЛАЗ АӠБАМҬА ИАԤНАХИТ.

Ахәаша, 26 Абҵара 2021 12:34 875

Аҟәа. Абҵарамза  26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 15, 2021 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә Ӡбарҭа аӡбаҩ Габеева З.Г. лхантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәара аҿы гәҭакыла ауаҩшьраҿы игәҩароу, 2010 шықәса раахыс зыԥшаара мҩаԥысуа Альберт Берулаа ҭакрала ахьырхәра иақәыршәара азы  Аҟәа ақалақь апрокуратура аҟынтәи иалаҵаз аҳәара мап ацәкны  иарбоу ахаҿы иганахьала еиҳа имариоу ахьырхәра, аҩнытә арест иқәҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.

 

Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Аҟәа ақалақь апрокуратура актәи аинстанциа аӡбарҭа аӡбамҭа  азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы акассациатә коллегиа ашҟа азашшра дәықәнаҵеит. Абҵарамза 25, 2021 шықәсазы аӡбаҩцәа Адлеиба Л.А., Ԥлиа О.В., Кәарҷиа Р.В. зеилазаараҿы иҟаз акассациатә инстанциа аӡбарҭа ала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Габеева З.Г. илыдылкылаз аӡбамҭа изакәаным ҳәа иаԥыххеит. Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа аҟынтәи аҳәара егьи аилазаара ала иҿыцны ахәаԥшразы иара убри аӡбарҭа ахь идәықәҵахоит.   

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, абҵарамза 12, 2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь апрокуратура  Аҟәа ақалақь, (Агәмаа имҩа, автоџьармыкьа иахьаҵанакуа) иҟалаз Гаделиа Геннади Митиа-иԥа ишьра афакт ала лаҵарамза 31, 2010 шықәсазы ихацыркыз ашьаусеилыргара ала заанаҵтәи аусеилыргара еиҭалагеит. Абҵарамза 12, 2021 шықәсазы зыԥшаара мҩаԥысуаз Берулаа А.С. даанкылахеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 20:06