Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ЕИДУ АМИЛАҬҚӘА РЕИҾКААРА АХАҬАРНАКЦӘА РАХЬ АԤСНЫ ИҞОУ ИЖӘЫТӘӠАТӘИУ АИАШАХАҴАРАТӘ ԤШЬАҬЫԤ – БЕДИАТӘИ АНЫХАБАА АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАҞНЫ АЦХЫРААРА АЗЫ АҲӘАРА ҞАИҴЕИТ.

Аҩаша, 09 Абҵара 2021 13:58 1179

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Қырҭтәыла иҟоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара  еснагьтәи Акоординатор Сабина Махльи Ахҵәацәа рус азы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара  Иреиҳаӡоу акомиссар Иусбарҭа адәныҟатәи азҵарақәа рзы абжьгаҩ Мариа Волошкевичи идикылеит.

Сабина Махль Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиҧыларазы, иагьазгәалҭеит: «Ҳауаажәлар ҳҭахын ҳусура еиҿкааразы аусеицураҿы хырхарҭақәас еиӷьуп ҳәа иҧхьаӡоу. Ҳара уснагӡатәны ҳҿаҧхьа иқәҳаргылоит ауаа ацхыраара рыҭара», -ҳәа илҳәеит лара. 

Аиҧылараан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит Аиҿкаареи жәларбжьаратәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи Аҧснытәи астратегиатә усеицура аҳәаа иҭагӡаны имҩҧырго аусура атәы.

Аслан Бжьаниа ареспублика иацхраауца жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура дшазхиоу иҳәеит. «Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҩныҵҟа Шәара иҟашәҵо акраҵанакуеит, ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит  хыҧхьаӡара рацәала ауаа ирышәҭо ацхыраара азы»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит атәылаҟны акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара иамоу аҵакы. «Ҳара иҭабуп ҳәа ахҳәааны иҳадаҳкылоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәи ахәшәқәеи амедицинатә маругақәеи аныхтә материалқәеи рганахьала иҟаҵахо ацхыраара. Жәларбжьаратәи ауаажәларрақәеи аиҿкаарақәеи аус рыцура иацаҳҵар ҳҭахуп. Ҳара адунеи аҟны Аҧсны аӡбахә раҳалароуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит», -ҳәа иҳәеит иара.  

Аиҧылараан Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа рахь Аҧсны иҟоу ижәытәӡатәиу аиашахаҵаратә ҧшьаҭыҧ – Бедиатәи аныхабаа аиҭашьақәыргылараҟны  ацхыраара азы аҳәара ҟаиҵеит .

Аҳәынҭқарра Ахада далацәажәеит иара убас Аҧсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа атемагьы. Инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны еигәылацәоу аҩ-тәылак рыбжьара ацивилизациатә ҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа ишрыдгыло, аха уи шалыршахо Қырҭтәыла Аҧсны ахьыҧшымреиаҳәынҭқарратә суверенитети аназханаҵа ашьҭахь. «Ари азҵаара есқьынгьы аҧхьа игылоуп», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аиҧылара иара убас иалахәын Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәба. 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:59