Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА НИКАРАГУА АРЕСПУБЛИКА АХАДЕИ АХАДА ИХАҬЫԤУАҨИ АЛХРАҚӘА РЫҞНЫ АИААИРА АГАРА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 09 Абҵара 2021 12:44 624

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа Ареспублика Ахадеи Ахада Ихаҭыҧуаҩи алхрақәа рыҟны аиааира агара рыдиныҳәхалеит. Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: 

 

«Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарра Ахада шәхаҵкы, ҳаҭыр зқәу Ахада Ихаҭыҧуаҩ шәхаҵкы! 

Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо шаҳаҭра азуа, Аҧсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Никарагуа Ареспублика Ахада иалхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира!. 

Амаҵура дуӡӡахь шәалхра Шәара аполитикаҟны ишәымоу ахьӡ, апату, аҳаҭыр, Никарагуа Ареспублика ажәлар аҳәынҭқарра анапхгараҭараҟны шәусура ахырхарҭа адгылара шарҭо ҩаҧхьа иарҵабыргуеит. Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ҷыдала иазнеиуеит аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу Аҧсни Никарагуеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазашьақәа рыҿиара. Сара агәра згоит аҳәынҭқаррабжьаратә усеицзура наҟ-ааҟ ҳажәларқәа рзы акрызҵазкуа аусхкқәа зегьы рыҟны анагӡара шроуа. Сгәы иаанагоит ҳалшарақәа реицҵарала аҧсны-никарагуатәи аусеицзура аҳәаақәа есааира рыҽдырҭбаалоит ҳәа.  

   

Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарра Ахада шәхаҵкы, Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ шәхаҵкы, азин сышәҭозар, ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәзеиӷьасшьоит Никарагуа Ареспублика аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыҟны аихьӡарақәа дуқәа». 

 

 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:57