Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: «ҲАЗҴААРАҚӘА ЗЕГЬЫ ЗЫРУАДАҨУА АКӘНЫ ИҞОУП АҚЫҬАНХАМҨАҞНЫ, ААГЛЫХРАҞНЫ, АТРАНСПОРТ, УҲӘА ИААИЗАКНЫ АЕКОНОМИКА АҞНЫ МАКЬАНАЗЫ ИАХӘҬОУ АҾИАРА АХЬЫҞАМ».

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 21:37 579

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Ҭҟәарчал араион актив алархәны анҭыҵтәи аилатәара мҩаҧигеит.

Аҭыҧантәи аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа ҳазҭоу ашықәс 9-мызтәи русура аҳасабырба ҟарҵеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә Программа  амҩаҧысшьа иалацәажәеит. 

«Ҳазҵаарақәа зегьы зыруадаҩуа акәны иҟоуп ақыҭанхамҩаҟны, ааглыхраҟны, атранспорттә уҳәа егьырҭ аусхкқәа  рыҟны аҿиара ахьыҟам. ҿыцла аусушьа ҳҵароуп, Аҧснеиҧш, Урыстәылантәи аџьармыкьаҟны хархәара змоу аалыҵ ҟаҳҵалароуп. Уи ҟаҵашьас иамоузеи? Зегьы ҳалшарақәа еибаҳҭароуп, раҧхьа инаргыланы, Аҧсны Анапхгара, анаҩс ҳуааҧсыра, ҳәарада,  Урыстәылатәи Афедерациа. Арҭ азҵаарақәа рыӡбара ҳаҿуп. 

Аслан Бжьаниа ареспублика аекономикатә ҿиара ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаиҭало иҳәеит.

«Аҧсны апроект дуқәа рынагӡара аганахьала раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵоуп. Урҭ ҧаса иҳамамыз, аамҭа рацәаны, иҷыдоу адыррақәа рҭахуп. Иаҳҳәап, иара убри аҳаиртә баӷәаза, уи аргылара, аус арура, уҳәа убас иҵегьы. Уи азы иҳамоу аспециалистцәа маҷуп», - ҳәа  иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Ҭҟәарчал ақалақьи Ҭҟәарчал араиони ртәы ҳҳәозар, Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, иаҭахуп атуристтә усхки ақыҭанхамҩеи  рырҿиара, иара убас иалкааны аинвестициақәа шадҧхьалатәу, иаҳҳәап, арацәа ааглыхра.

«Уаанӡа ари амеханизм аус ауан, аха нас еиҧҟьеит. Ари апроект еиҭшьақәыргылатәуп»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара иҳәеит арацәатә активқәеи егьырҭ хәарҭа злоу аҵыхтәқәеи иазҵаауа аинвесторцәа шыҟоу. Уажәы аиҿцәажәарақәа цоит, мышқәак рышьҭахь ари апроект анагӡара ҳалшо-иҳалымшо еилкаахоит.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иҳәеит 2023-2025 шш. Асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә Программа  ишалагалахо Ҭҟәарчал араион аҟны хыҧхьаӡара рацәала аинфраструктуратә проектқәа. Ҷыдала, атуристцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара алзыршо, аӡхыҽҽа ашҟа инагоу амҩа аҟаҵара. 

«Шәара ижәдыруеит амшын ахықә аҟны иргылоу атуристә обиект. Мрагыларатәи Аҧсны ас еиҧш иҟоу аобиектқәа ргылахоит иҵегьы аара зҭаху атуристцәа рхыҧхьаӡара  иацларц азы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.  

«Аӡәгьы игәы иаанамгааит ҳара Ҭҟәарчал ҳхашҭит ҳәа. Аха шәара ижәбоит аҭагылазаашьақәа шыҟоу, ишымариам ари зегьы», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит 2021 шықәсазы Ҭҟәарчал араион абиуџьеҭ ишартәо 218 млн. мааҭ, урҭ рахьынтә ахашәалахәытә хәҭа ишартәо – 21 млн. мааҭ. Иаанхаз ахәҭа 196 млн. мааҭ инарзынаҧшуа – ари аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҟнытә шаку.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Ҭҟәарчал аӡфымцастанциа  аиҭашьақәыргылара  иалагатәуп, аригьы  аинвестициақәа адыҧхьалатәуп.

«Ҳара адгьылқәа ҳамоуп қьырала ирашҭаша. Иаашәыҧхьала  Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә аинвесторцәа, урҭ партниорцәас ижәга. Абасала аекономика ҳарҿиалап. Альготатә кредит ала ҳаргьы ҳшәыцхраап», - ҳәа иҳәеит иара.

Аиҧылараҟны Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ауадаҩрақәа ахьыҟоу Ҭҟәарчал араион аҿы мацара шакәым, Аҧсны зегьы азы ауадаҩрақәа шыҟоу атәылауаа фымцамыругала реиқәыршәараҿы. Зымҽхак ҭбаау аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧгоуп афымцасистема зегьы аҿы.    

«Асовет Еидгыла ахаан иҟаҵаз ахархәара ҳаҿуп иахьа уажәраанӡагьы. Афымцамч аусхк аҟны акапиталтә лагала ҟаҵам, аҵыхәтәантәи аамҭазы аагарҭа  ыҟамызт. 40 копеи рҟынӡа инаӡо атариф аизгаразы  аҭагылазаашьа ҳамамызт аҧсҭазаара акыр ҧхьаҟа ишцазгьы. Абас еиҧш иҟоу анхамҩатә зҵаарақәа рыӡбара аҭахуп. 3-5 шықәса рыла абарҭ азҵаарақәа зегьы шьаҭанкыла рҭыҧ иқәҵатәуп, ҳекономикатә  ҭагылазаашьа аиӷьтәразы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Иара иажәақәа рыла, ҩба-хҧа машьына змоу, убри аан алашара ахә зымшәо ауаа  рхымҩаҧгара ииашам.

Атуристтә аамҭа далацәажәо, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, Ҭҟәарчал араион аҟны 50% инареиҳаны атуристцәа зҭаауа аобиектқәа шыҟоу. Убри аан иара азҿлымҳара аиҭеит мрагыларатәи Аҧсны ишыҟоу ақьырсиантә культура иаҵанакуа адунеи аҿы уарла-шәарла иуҧыло иуникалтәу абаҟақәа.  

Иааидкыланы аинвестициа далацәажәауа, Аслан Бжьаниа иҳәеит, Аинвестициатә Программа шықәсык аус шауа 1 млрд. 350 млн. мааҭ, убри аамҭазы атәыла ишаҭаху 10 млрд. мааҭ аҧара, аӡымҩангага, ацрыӡмҩангага, амҩақәа рыргыларазы.

«Абарҭқәа рзы иаҳҭахуп абриаҟара аҧара, убри азы аинвесторцәа адыҧхьалатәуп, убасҟан ауп апроектқәа рынагӡара анзалыршахо», - ҳәа иҳәеит Аҳәхынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа ҿырҧштәыс иааигеит Тамшь ақыҭан иҟоу атуристтә комплекс. Араҟа аҧхын 180-ҩык ауаа аус ахьыруа, ауалафахәы ҳаракны иахьроуа. 

«Тамшь иахьа иаарц рылшоит ахәыҷқәа, аспорттә зыҟаҵарақәа рзы, аӡсаразы. Урыстәылатәи аинвестор заҵәык иҟаиҵаз ауп, аҭыҧантәи ауаа иакциақәа рыцеиҩишеит. Иҟоуп иҟаҳҵаз бзиаӡам ҳәа зҳәогьы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада даҽазныкгьы иазгәеиҭеит иахьа  адунеи аҿы аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа  ишрықәныҟәатәу. 

«Абас еиҧш иҟоу ахырхарҭала изылшо аинвестори ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳмырҽеир, аекономикатә ҧеиҧш ҟалом, уи иаанаго уи ауп – ҳара ҳсуверенитет економикала игәылҭәаахом. Убри аҟнытә урыстәылатәи азакәанҧҵара ианаало апрограмма мҩаҧаҳгоит.

Ҳарҭ аиқәшаҳаҭраҿы ҧаса иарбаз ҳахьыҧшны аинтеграциатә процесс хацҳаркит, убри аан еиқәҳархоит ҳсуверенитет аҩаӡара, ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымрагьы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа еиҭамҵуа амал аиуразы азин рымазароуп ҳәа иҧхьаӡоит. Уи аполитикатә зини атәылауаҩреи  иадҳәаламзароуп. Ари аекономикатә аспектуп, ҳарҭ ара аспециалистцәа ҳҭахуп.

«Аекономика иалкаау арбагақәа амазарц азы уи зызку ауаа ыҟазароуп, Шәара даҽаӡә иаасҭа ижәдаруеит Ҭҟәарчал ишықәынхоз 20-нызқьҩык, урҭ рахьынтә иахьа 4-нызықьҩык роуп иаанханы иҟоу. Асовет аамҭазы иҟаз арбага бзиақәа рахь ҳгьежьыроуп», - ҳәа аилацәажәара хыркәшо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:48