Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АФЫМЦАМЧ АХАРХӘАРА АЗЫ АШӘАТӘҚӘА 80% РҞЫНӠА АИЗГАРА АЛШОИТ ҲӘА АГӘАНАГАРА ИМОУП.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 12:25 321

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Ажьырныҳәамза 1, 2021 шықәса инаркны Ҭҟәарчал араион аҿы афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара 4 млн. 981 нызықь мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар, азеиҧш еицҵалыҵ аҟынтәи 60% аҟынӡа инаӡеит. Абри атәы  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи араион активи алархәны имҩаҧгаз анҭыҵтәи аилатәара аҿы иҳәеит Ҭҟәарчалтәи Араионтә фымцатә Станциа анапхгаҩы Герман Качараа. Убри аан Ҭҟәарчал араион ақыҭақәа рҿы ахархәара зызу афымцамч азы ашәатәқәа реизгара еиҳауп ақалақь аҿы аасҭа, уи 80% рҟынӡа инаӡоит. «Акриптовалиутақәа рырҳара азы ақәиҭымзара ашьақәыргылара ҟалаанӡа уахыки-ҽнаки рыла араион аҿы афымцамч ахархәара 32 мегаватт рҟынӡа инаӡон, ақәиҭымзаара аналагалаха ашьҭахь, уи 14 мегаватт рҟынӡа илаҟәит. «Амилиционерцәа уахи- ҽни тәамҩахә рымамкәа абнара илоуп, амаининг рыҧшаауеит, урҭ ахьыҟоугьы аӡәгьы иҳәаӡом. Уи аҩыза аҭагылазаашьа зегьы ирзыманшәалазар акәхар. Аха ус ҟалашьа амаӡам», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада араион анапхгараҭара ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа араион аҿы афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара апроцент 80% аҟынӡа аизырҳара азы анапынҵақәа риҭеит. «Сара ихасҵаӡом, уи залыршахом ҳәа ианырҳәо. Ус изҳәо уи аганахьала аусура иҭахӡам ауп иаанаго.  Афымцалашара аҿышәхлоит, усҟан зегьы ҟалоит, зегьы алыршахоит, даҽакалагьы аусура ҟалаӡом, мап анакәха ҳара ақыҭақәа рхадацәа амаҳхлар акәхоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада Ҭҟәарчал араион аҿы аҵарадырра асистема аҭагылазаашьа азгьы адырра ирҭеит. Аҵарадырра аҟәша анапхгаҩы Дмитри Мушба  иҟаиҵаз адыррақәа рыла, араион аҿы аус руеит 16 школ, ахәыҷтәы спорт школки ахәыҷбаҳчақәа хҧеи.  Аҵаҩцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара – 1656-ҩык рҟынӡа инаӡоит. «Убри аан ҳара ҳарҵаҩратә еилазаара апрограмма ашьҭкаара ҳалҳаршеит, иауҳашьҭит 11-тәи аклассқәа, аушьҭымҭацәа реиҳараҩык Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университет иҭалеит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Мушба. Уи иажәақәа рыла, уажәы араион аҿы акоронавирустә ҿкы чымазара ала ичмазаҩуп 9-ҩык арҵаҩцәеи 14-ҩык ахәыҷқәеи. Иара убас Дмитри Мушба ашколқәак рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгара аҭахны иҟоуп, Уи абжьаратәи ашколқәа №2, №4, Агәыбедиатәи ашкол, иара убас ахәыҷтәы-қәыҧштә спорттә школ аспорт зал ауп.

Аҳәынҭқарра Ахада аспециалистцәа рыла аиқәаршәара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа азы иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Дмитри Мушба  аперсонал азымхара апроблема ыҟоуп ҳәа иҳәеит. Аха убри аан уи даҽа проблемакгьы дазааҭгылеит– аҭаацәа рхәыҷқәа аҧсуа школқәа рахь аҵкьыс аурыс школқәа рҭаҵара еиӷьыршьоит.

Аилатәара ашьҭахь Аслан Бжьаниа ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа ҿыц даҭааны игәеиҭеит. Уи аргылара мҩаҧысуеит Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақә рыла, ахәышәтәырҭа аусура иалагоит абҵарамза ахыркәшамҭнӡа. Мацара иаанханы иҟоуп аиқәыршәагақәа раагара. Уи иаахәаны иргылоуп, амонтажтә усурақәа мҩаҧгатәуп.  Аилатәара аҿы араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гагргулиа ирласу амедицинатә цхыраара азы даҽа машьынак азоужьра азы Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟалҵеит. Уи лажәақәа рыла, абар шьҭа ҧшьышықәса рыҩныҵҟа ахәышәтәырҭа автопарк арҿыцра мҩаҧгамызт. Аус зуа ҩ-машьына заҵәык роуп. Аслан Бжьаниа Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа азы ирласу амедицинатә цхырааразы амашьына аахәаразы аҧаратә хархәагақәа  Аҳәынҭқарра Ахада Ифонд аҟынтәи ишазоужьхо азы адырра ҟаиҵеит.  Аҳәынҭқарра Ахада ахирургиатә ҟәша, астоматологиатә кабинет, ахәаҧшырҭатә ҟәша, УЗИ акабинет, абиохимиатәи аклиникатәи лабораториақәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аҳақьымцәа ркабинетқәа,  апациентцәа руадақәа, ашьышьмаҭрақәа, аҽыкәабарҭақәа, акардиологиа, аоперациатә залқәа, аӡәӡәарҭа, акрыфарҭа ахьыҟало ацхыраагӡатә блок, уҳәа идырбеит.

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:45