Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҬҞӘАРЧАЛ АРАИОН АБИУЏЬЕҬ 2021 ШЫҚӘСА 9-МЫЗ РЫЛА 114% РЫЛА ИНАГӠАХЕИТ.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 14:08 480

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ҭҟәарчал араион абиуџьеҭ 2021 шықәса 9-мыз рыла 114% рыла  инагӡахеит. Планла ишьақәырӷәӷәаз 14 млн. 572 нызықь мааҭ рҟынтәи абиуџьеҭ иалагалахеит 16 млн. 745 нызықь мааҭ.   Иацҵан анагӡара 2 млн. 173 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ҭҟәарчал араион Ахадара афинанстә ҟәша анапхгаҩы Анелла Емухвари араион абиуџьеҭ анагӡара азы аҳасабырба ҟалҵеит. Ахашәалахәы азы ашәахтә ала аплан 48,8% рыла инагӡоуп. «Планла ишьақәырӷәӷәоу 1,5 млн. мааҭ рҟынтәи абиуџьеҭ иалагалахеит 748 нызықь мааҭ. Абанкқәа рхашәалахәы азы ашәахтә аҳасабала алагалақәа ыҟаӡам. Анамыгӡара зыдҳәалоу анаплакқәа аплантә шәагаақәа рынагӡара ахьалымшаз ауп», - ҳәа илҳәеит Анелла Емухвари. Ахашәалахәытә шәахтә ала иацҵан анагӡара 115% рҟынӡа инаӡеит. Планла ишьақәыргылоу 11,7 млн. мааҭ рҟынтәи фактла абиуџьеҭ иалагалахеит 13,5 млн. мааҭ. «Иацҵан анагӡара зыдҳәалоу «Ҭҟәарчалргылара» аҟынтәи – 300 нызықь мааҭ, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аҧсныеимадара» – 202 нызықь мааҭ, Зҭакҧхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Хаджала ахаҳәқәа» – 64,8 нызықь мааҭ, «Ақыҭатә раионқәа рыҿиара Ассоциациа» Афонд – 1 млн. мааҭ, «СтроиИнвест» аҟынтәи – 156,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо иазҧхьагәаҭамыз ашәахтәқәа ралагалара ауп», - ҳәа илҳәеит Анелла Емухвари.

Адгьылтә шәахтә азы араион аҿы азҧхьагәаҭаратә рбагақәа 62% рыла инагӡоуп, амазара азы ашәахтә ала –116,8% рыла, иҷыдоу ашәахтә ала – 116,4%, аҳәынҭқарратә баџь ала – 12,5 %, ақьыратә хәыҧса аҟынтәи ахашәалахәы аҳасабала – 852,9%, 2018 шықәса инаркны иҟаз ауал  ашәарала рыла ишьақәгылоуп. Иматериалтәууи иматериалтәыми активқәа рыҭира аҟынтәи ахашәалахәқәа рыла аплан анагӡара  2823% рҟынӡа инаӡеит. Убри аан планла ишьақәыргылаз 40 нызықь мааҭ рҟынтәи абиуџьеҭ иалагалахеит 1,1 млн.мааҭ. Атәылауаа ахатәы нхарҭақәа раархәара аҟынтәи ахашәалахәқәа 124 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан планла ишьақәыргылан 40 нызықь мааҭ.  Агәамсамгага анагӡара аҟынтәи иалагалахеит 1 млн. мааҭ. Абнатә фонд ахархәаразы ашәатәқәа планла ишьақәыргылаз 35,3 нызықь мааҭ рҟынтәи акагьы аламгалахеит, избан акәзар, абнатә нхамҩа иамоу алшарақәа зегьы рыла аус ауӡом. Апатенттә баџьқәа планла ишьақәыргылаз 35 нызықь мааҭ рҟынтәи 28,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар – 80,6%.

Убасҵәҟьа зныктәи аџьармыкьатә еизгара аганахьала алагалақәа ыҟаӡам. Иарбоу аизгара планла ишьақәыргылоу аицҵалыҵ 80 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон. Алагалақәа рыҟамзаара аџьармыкьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы иахьаркыз ауп изыдҳәалоу. 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:40