Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ҬҞӘАРЧАЛТӘИ АТЕАТР АУСЗУҨЦӘА ИДИКЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 19:19 464

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ш.Ԥачлиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр  ахаҭарнакцәа идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә саит.

Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Сырбеи Сангәлиа, арежиссиор-ақәыргылаҩ Роман Сабуа, актиор Ахра Кәарҷиа аҧыза-министр иҧылара аҿы аколлектив анапхгаҩы ҿыц иаҭара азҵаара иалацәажәеит.

Уаанӡа ари аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла Анапхгара ахь иарбоу акадртә зҵаара Ҭҟәарчалтәи атеатр аколлектив агәаанагара ҳасаб азуны аӡбара азы аҳәара зну аофициалтә шәҟәы нашьҭын.

Аиҧылара ихы алаирхәит атәыла акультура аминистр Гәыдиса Агрба.  

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:52