Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОТЕСТТӘ АКЦИА АҾЫ ИРЫДЫРКЫЛАЗ АРЕЗОЛИУЦИА: АҬАГЫЛАЗААШЬА АҬЫШӘЫНТӘАЛАРА АЗЫ МҨАК АУП ИҞОУ– УИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИАМХРА АУП.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 15:28 107

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак еиҿнакааз апротесттә акциа иалахәыз  цәыббрамза  30 рзы Аҟәа ақалақь Амҳаџьыраа Рыҧшаҳәа аҿы аибашьра аветеранцәеи  Жәлар Реизара –Апарламент адепутати аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи рыбжьара иҟалаз аинцидент инамаданы арезолиуциа рыдыркылеит. Уи Аҳәынҭқарра Ахада иахь анаҩс аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азы   идәықәырҵеит. 

Арезолиуциа атекст даҧхьеит аибашьра аветеран, ауаажәларратә усзуҩ Ахра Бжьаниа:

«Цәыббрамза 30, 2021 шықәса рзы Аиааиреи Ахьыҧшымреи  Рымшныҳәа азгәаҭара аан аминистр Дмитри Дбари атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭареи рыла Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рыҧҟара иадҳәалоу игәыҧжәагоу, ицәаҧҽыгоу  ахҭыс ҟалеит.  Аҧсны апатриотцәа зегьы рзы иҧшьоу амш аҽны аветеранцәа-аинвалидцәа, ацәгьоура ҳәа акагьы ҟазымҵаз зықәрахь инеихьоу ауаа  ааха рыҭара, Аҧсны жәлар зегьы ӷәӷәала агәынамӡара рызцәырнагеит. Аветеранцәа иҟарҵаз ааҧхьара ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада урҭ агәра диргеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны ари ацәгьоура еилырганы уи зхароу ахьырхәра ишақәыршәахо азы. 

Аха аинцидент обиективла аилыргареи иашьашәалоу азинтә ӡбамҭақәа рыдкылареи амыцхәрас, атәыла анапхгара ахҭысқәа ганктәи аилыркаареи афактқәа реицакреи адыррақәа рыҧсахреи амҩа алнахит.

Аветеранцәа рганахьала азакәандара аарҧшра, ауаажәларреи аполитикатә еиҿкаарақәеи Аҧсны дарбанызаалак атәылауаҩ иганахьала, еиҳарак Ҳхақәиҭра ҳзаазгаз аветеранцәа ас еиҧш рызнеишьа ахәҭмзаара азы ргәаанагара агәхьаамкра, ҳҳәынҭқарра аидеологиатә шьаҭеи ахырхарҭақәеи ҵнаршәшәаауеит, уи ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш иҵоурам анырра анаҭоит.

Абри зегьы иааизакны Аҧсны атәылауаа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь ирымоу агәрагареи аҳаҭыри рыҵшәаареи, иара убас атәыла аҩныҵҟа ауаажәлара-политикатә ҭагылазаашьа адестабилизациеи рахь ицәырнагоит.

Аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара, уи азинтә ҳәаақәа рҭагӡареи алзыршоны иҟоу акызаҵәык ауп – аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иамхреи, ииашаны аинцидент аилыргареи.

Аҳәынҭқарра Ахада аринахысгьы азакәанреи аиашареи рызҵаарақәа ракәымкәа ихатәы аполитикатә еиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи аҧхьа иргыло далагар, ҳаҧхьаҟагьы атәыла аҩныҵҟа  аполитикатә ҭагылазаашьа аибарххара зцу ауснагӡатәқәа наигӡалар,  усҟан аҭагылазаашьа ауадаҩхара азы аҭакҧхықәра зегьы иара иқәшәоит.  Аҭакҧхықәра зду атәыла ауаажәларра-политикатә мчрақәа зегьы  рахь апарламенттә алхрақәа раламҭалазы Аҧсны аинтересқәеи ҧхьаҟатәи аҧеиҧши рыхьчаразы аидгылареи акзаареи аадырҧшырц азы ааҧхьара ҟаҳҵоит».

Аҳәынҭқарра Ахада иахь аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы ицеит Витали Габниа, Ҭемыр Гәлиа, Валери Маан, Зураб Кокаиа.

Аҧсны адраматә театр аҿаҧхьа еизаз ауаа еимпӡом, урҭ Аҳәынҭқарра Ахада иҿцәажәара алҵшәақәа ирзыҧшуеит

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:41