Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРҚӘА РХАҬЫԤУАҨЦӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ ЖЕНЕВАТӘИ АДИСКУССИАҚӘА РЫМШХӘАԤШТӘ ЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 11:34 124

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Абҵарамза  3 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада ихаҭыҧуаҩ  Андреи Руденко дидикылеит Кавканҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи  Женеватәи  адискуссиақәа рҿы аҧснытәи аделегациа ахада, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Иракли Ҭыжәба, ҳәа иаанацҳауеит  Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

  

Аиҧылара аҿы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа рымшхәаҧштә актуалра злоу азҵаарақәа рыла агәаангарақәа реибыҳәара мҩаҧысит.

Аиҧылара иалахәыз иара убас аҩганк ирзыфеидоу аҧсны-урыстәылатәи аусеицура ахырхарҭақәа жәпакы рыла азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:37