Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ВИТАЛИ ГАБНИА: «АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ДАҲЗЫӠЫРҨИТ, УИ ИАРБОУ АЗҴААРА АӠБАРА АЗАКӘАН АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ИМҨАԤЫСЛОИТ ҲӘА ИҲӘЕИТ».

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 17:19 131

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Апротесттә акциа ахаҭарнакцәеи Аҳәынҭқарра Ахадеи реиҧылара иалахәыз аибашьра аветеран Витали Габниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахыбра аҟынтәи дандәылҵ ашьҭахь уи алҵшәақәас иамоу далацәажәеит. 

«Шәара ишыжәдыруа еиҧш, иахьа Баграҭ Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҩганк рыла ауаа еизеит. Иқәгылоу азҵаара аветеранцәа рыҧҟара иадҳәалоуп, аха уи ауаа утәы-стәы ала реихшара алнамыршароуп. Ари иҧшьоуп ҳәа ззыуҳәар ҟало темоуп. Сара Аҳәынҭқарра Ахада иҟны анеиреи амитинг аҿы ирыдыркылаз арезолиуциа ацәыргареи рзы анапынҵа сыман. Аҳәынҭқарра Ахада даҳзыӡырҩит, уи иарбоу азҵаара аӡбара азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧыслоит ҳәа иҳәеит.

Ари аус Апрокуратура Хада аҿы иҟоуп, ашьаусеилыргарақәа хацыркуп. Аинцидент иалаху рҟынтәи аӡәы ари аус аилыргара  ҧсымыцқьарыла имҩаҧысуеит ҳәа  иҧхьаӡар, Аҳәынҭқарра Ахада  аусеилыргаҩцәа рыҧсахра дазхиоуп. Иара убас, аӡбамҭақәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы рзашшра азы алшара ыҟоуп. Абри аҿы ҳаиҧырҵит», - ҳәа иҳәеит Витали Габниа. 

Иара ихаҭа иарбоу аҭагылазаашьа дышҧахәаҧшуа ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Витали Габниа иҳәеит: «Ҳара 2014 шықәсазгьы, 2020 шықәсазгьы иҿыцӡоу ҳҭоурых аҿы даара иуадаҩу аетапқәа ҳархысхьеит, урҭ уаҳа иҟамлароуп».

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:33