Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АИБАШЬРА АВЕТЕРАН ВАЛЕРИ АҨӠБА: «АРИ АКОНФЛИКТТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА ИҞАЛОН ИАГЬАЛЫРШАТӘЫН ИАРАЗНАКҴӘҞЬА АҬЫШӘЫНТӘАЛАРА».

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 16:38 117

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧснытәи адраматә театр аҿаҧхьа Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак ала еиҿкааз апротесттә митинг анцоз аамҭазы Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаҧхьагьы  шәҩыла ажәлар еизеит.

Еизаз рахь ихы рханы, аибашьра аветеран Валери Аҩӡба иҳәеит: Сара шәара шәахь ветеранк иаҳасабала ааҧхьара ҟасҵоит. Иахьа, рыцҳарас иҟалаз, ҳхақәиҭреи ҳхьыҧшымреи ҳзаазгаз ҳхашҭуа ҳалагеит. Сара ара иахьа сызцәажәо Дмитри Сергеи-иҧа Дбар дахьминистру акәӡам. Араҟа игылоуп аҿар, аиҳабацәа маҷымкәа. Дыҟамзар ҟалап араҟа ауаҩы Сергеи Платон-иҧа – Аҧсны афырхаҵа, аҧсуа хаҵа иаша иӡбахә змаҳац. Шәааи аиаша ҳҳәап, аӡәырҩы аиашеи ахәахәеи, аҵабырги амци, хра злоуи хра злами рцәеилаҩашьо иалагеит. Еицәоугьы ҟалахьан, атрагедиақәа, ауаҩшьрақәа. Аӡәгьы игәы иалымсааит, раҧхьаӡа иргыланы Абыргцәа Рхеилак, аха ари аконфликттә ҭагылазаашьа иҟалон, иагьалыршатәын иаразнакҵәҟьа аҭышәынтәалара, усҟан иахьатәи ахҭысқәа ҟаларымызт».

Уи еизаз иргәалаиршәеит Апрокуратура Хада иҟалаз ахҭыс ала аусеилыргара шымҩаҧнагаз, уи алҵшәақәа рыла Дмитри Сергеи-иҧа ахара идӡам ҳәа алкаа шыҟанаҵаз.  «Шәааи маҷк ҳаҽҳарҭынчып, ҳара еиҩаҳшо акагьы ҳамаӡам,еилаҳҵода еилаҳхуада, зегьы ҳара иаҳтәуп, ара атәымуаа ыҟаӡам. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ари чымазарак аҳасабала иҳалалеит – есышықәса инеиҧынкыланы еиҧшу ахҭысқәа ҳрықәшәоит. (еиуеиҧшым апротесттә акциақәа рымҩаҧгара – АП аредакциа азгәаҭара)

Шәааи ҳаҟәыҵып уи! Шәааи маҷк иадамзаргьы апатуқәҵара ааҳарҧшып!» - ҳәа иҳәеит аветеран.

Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит иара убас Очамчыра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Артемон Габелаиа: «Ҳара зегьы ҳгәы иалсит иҟалаз ахҭыс иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанханы иахьыҟоу. Даараӡа угәы унамырхьыр залшаӡом аилибамкаара аанханы иахьыҟоу, ари аинцидент аполитикатә цәаҩа аиуо иахьалагаз. Агәаанагара цәырҵуеит џьоукы-џьоукы ауаа аветеранцәа рхашҭны ари аус аполитикатә хырхарҭа арҭоит ҳәа. Ари аӡәгьы дарҧшӡаӡом, иара аусгьы акала иахәо иҟам.

Сара даҽазнакгьы исҳәоит, ҳара зегьы ара иҟалаз ҳгәы иалсит, аха аӡәгьы дарҧшӡо иҟам иҟалаз ахҭыс аполитикатә ҟазшьа аҭареи аполитикатә феида алхреи рҽазышәара. Ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарра, азакәанқәа, Аконституциа, убри аҟнытә аконфликтқәеи аимак-аиҿакқәеи зегьы азинтә шьаҭа аманы, азакәан инақәыршәыны иӡбазар ахәҭоуп.

Артемон Габелаи зегьы ачҳареи аилибакаареи аадырҧшларц азы ааҧхьара ҟаиҵеит.  

«Адраматә театр аҿаҧхьагьы ауаа гылоуп, ҳара ҳветеранцәа, Ҳара зегьы иаҳзеиҧшу ахықәкы ҳамоуп – аконфликт  аӡбареи  аҭышәынтәалареи», - ҳәа иҳәеит иара.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:30