Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ, АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾАХЬА АПРОТЕСТТӘ МИТИНГ МҨАԤЫСУЕИТ.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 14:13 129

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҟәа ақалақь, Аҧсуа драматә театр аҿаҧхьа Аҟәа, цәыббрамза 30 рзы иҟалаз аинцидент инамаданы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак ала еиҿкаахаз амитинг алагеит.

Амитинг иалахәыз, урҭ рхыҧхьаӡара макьаназы 100-200-рҟынӡа ауп иахьынаӡо, ганкахьала Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи аветеранцәа гәыҧҩыки даҽа ганкахьала, азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи рыбжьара иҟалаз аинцидент аҿы ахара здырҵо аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра азы адҵа ықәдыргылоит.   Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа мацара аамҭала Дмитри Дбар имаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәны, абҵара 2 рзы имаҵураҿы дахьеиҭашьақәиргылаз азы агәынамӡара аадырҧшуеит.

Адраматә театр аҿаҧхьа еиҿкааз амитинг аартуа ауаажәларратә усзуҩ Ахра Бжьаниа, ари амитинг – атәыла анапхгара ауснагӡатәқәеи атәылауаа рконституциатә зинқәеи рхақәиҭреи реилагара аҿагылара иазку аҭынчратә акциаоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Аҧсны аибашьрашьҭахьтәи аҭоурых зегьы азы ипрецедентдоу ахҭыс ҟалеит. Ҳара зегьы ҳзы ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҿыц ашьақәыргылара зыбзоуроу ауаа рзинтә аспектқәа реилагалара адагьы, аветеранцәа рганахьала мхәыцрала амчра ахархәара аҭыҧ аиуит, уи мораллагьы, аидеологиа аганахьалагьы еилкаашьеи ҳәашьеи амам.    Сара сгәаанагарала, зхы аҭыҧ аҿы иҟоу ауаа, Аҧсны гәыкала бзиа избо, уи аҿиареи аизҳазыӷьареи зҭаху зегьы сықәшаҳаҭхоит ҳәа. Ус иҟалеит иахьа ҳауаажәларра рыхәҭак ара игылоуп, егьи- Баграҭ Шьынқәба ихьӡ зху апарк анаҩс, 200 метра иреиҳамкәа рыбжьаҵаны игылоуп. Аха агәра шәсыргоит ара иҟоу зегьы реиҧш, егьи аганахьала иҟоу реиҳараҩыкгьы ари агәаанагараҿы еиқәшәоит», - ҳәа иҳәеит иара. Анаҩс дықәгылеит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнак Валери Маан. Уи игәаангарала, апроблема зхылҿиааз атәыла анапхгара иҟалаз аинцидент ииашаны ақәҿыҭреи ахәшьара аҭареи ахьалымшаз ауп.

«Аҳәынҭқарра Ахада акомандаҟаҵаҩ Хада ишаҭәоу еиҧш  ианаамҭаз ари азҵаара аӡбара алиршазҭгьы, абарҭ иахьа иаабо аексцессқәа зегьы ҟалаӡомызт. Ари аинцидент Дмитри Дбар ишиашоу ала илахәхарала ишымҩаҧысуаз зегьы рзы еилкаауп шьҭа. Ус еиҧш аус аан аветеранцәа иаарацәажәатәын, усҟан  доусы рыҩныҟақәа рахь ицарын. Аха ари азинхьчаратә усбарҭақәа рыла хықәкыла еиҿкааз усын. Хықәкысгьы иамаз адепутат Гарри Кокаиа игәаанагара аартны аҳәареи атәыла анапхгара акритика рзуреи азы алшара имоуа аҟаҵара акәын»,- ҳәа иҳәеит Валери Маан.

Ауаа иара убас Амҳаџьыраа Рыҧшаҳәа аҿы иҟоу Анапхгаратә хыбрақәа рҿаҧхьагьы еизеит. Ахыбрақәа иаарыкәыршаны иргылан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Иацы  инаркны акомплекс иаакәыршаны иргылан аихатәы ҧынгылақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаҧхьа еизаз ауаа рахь дцәырҵит анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ныгәзар Логәуа. 

«Ҳара жәларык ҳауп. Аҭаацәараҿгьы аилибамкаарақәеи агәынамӡарақәеи ҟалалоит. Аха урҭ рҭышәынтәалара ҭынч мҩала, аганқәа ақәыршаҳаҭны имҩаҧыслароуп. Есымшагьы ус акәын ишыҟаз, ус иҟалароуп аринахысгьы. Ҩыџьа ауаа реиныршәара ҳалымшозар, нас иарбан ҳәынҭқарроу иҳаргылараны иҟоу? Есымшагьы иҟан иахьагьы иҟоуп ус еиҧш иҟоу азҵаарақәа рыӡбара зылшо. Раҧхьаӡа инаркны ари ахҭыс аполиикатә ҟазшьа аҭара гәҭакыс измамыз ауаа ииашаны иалагеит, аха нас уи амҩа иацәыхҟьеит. Зегьы жәаҳәарада иҟалаз ргәы иалсит, уи аҩыза ҟамлар акәын, аринахысгьы ҟалашьа амамзароуп, еиҳарак ачынуаа рыбжьара».  

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:27