Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АӠҨЫБЖЬА АҚЫҬАН АКРИПТОФЕРМА АҚӘГАРА МҨАԤЫСИТ.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 11:04 148

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Аҳәынҭқарратә стандарти ахаҭарнакцәа рыцны Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан арҧхарҭатә нхамҩа иахьаҵанакуа амаинингтә ферма рыҧшааит, - ҳәа  адырра ҟанаҵоит Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура. 

Аферма зтәу ҳәа ицәырҵыз Беслан Киут иоуп. Аферма ықәыргеит, зымхра мҩаҧгаз аппаратқәа зегьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу аамҭалатәи аҵәахразы ашьҭаҵарҭа ахь инагахеит. 

Аферма аҿы иҟан акриптовалиута арҳара иазку 77 цыра инарзынаҧшуа аппаратқәа. Еиуеиҧшым амодификациа змоу аиқәыршәагақәа изакәанымкәа арҧхагатә нхамҩа атрансформатор иаҿакын.

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:24