Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОТЕСТТӘ АКЦИА ИАЛАХУ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИԤХЬАТӘАРА АЗЫ АДҴА ЫҚӘДЫРГЫЛОИТ.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 18:54 131

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Абҵарамза 4, 2021 шықәса рзы апротесттә митинг амҩаҧгара аҧшьызгаз Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветаранцәа Еиду Ахеилак Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿцәажәара ашьҭахь еиқәыршәаз арезолиуциа ҿыц атекст иаҧхьеит.

Арезолиуциа атекст даҧхьеит ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа.

Уажәшьҭа апротесттә акциа иалаху Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҧхьатәара ишьҭра азы адҵа ықәдыргылоит, избан акәзар, дара ргәаанагарала иара Аҳәынҭқарра Ахада иҭакҧхықәра ишахәҭоу ала анагӡара илымшаӡеит.  

Ҭемыр Гәлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ааигәа ирылаҳәахоит ажәлар реизара анымҩаҧгахо арыцхә.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны Жәлар Реиҿкаара» анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба амитинг аҿы еизаз ауаа зегьы рахь иахьазы еимпырц азы аҳәара ҟаиҵеит. Убри аан уи «Иахьарнахыс Аҧсны иҽҳәарадоу аполитикатә кризис алагеит» ҳәа инаҵшьны  иазгәеиҭеит.

«Зыжәлар ирҳәо змаҳауа анапхгара, Аконституциа еилазго, аибашьра аветеранцәа, аинвалидцәа зыҧҟо аиҳабыреи ҳареи уаҳа изеиҧшразаалакгьы аиҿцәажәарақәа ҳабжьаҳҵараны иҟаӡам. Иалагоит иҽҳәарадоу аполитикатә кризис, апарламенттә алхрақәа абоикот аҟаҵара аҟынӡагьы ҳнеиргьы алшоит. Ҳара ирҭахы-ирҭахым, ҳгәаанагара иазҿлымҳахаратәы, ҳҳәатәы ирыххәыцауа иҟаҳҵоит, аха уи зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгахоит», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Уи иқәгылара ашьҭахь ауаа хәыҷы-хәыҷла аимпра иалагеит. ***

Арезолиуциа ҿыц атекст иаҳәоит:

Еиду аоппозициеи Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәеи рыла еиҿкааз иахьтәи аҭынчтә протесттә акциа аҿы ҳара ҩаҧхьа азинтә шьаҭала Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымшныҳәа азы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари уи ихаҭыҧуаҩцәеи рыла аветеранцәеи иаинвалидцәеи рыҧҟара аинцидент инамаданы ишьақәгылаз иуадаҩу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азы аҽазышәарақәа ҟаҳҵеит. 

Аҟәа ақалақь, Адраматә Театр аҿаҧхьа апротесттә акциа амҩаҧгара ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа инашьҭын аделегациа. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада иахь  аҳәара ҟарҵеит аветаранцәеи ауаажәларреи ргәаанагара ахь азҿлымҳара аарҧшны, аҩныҵҟатәи аусқәа рминиср Дмитри Дбар имаҵураҭыҧ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы  акызаҵәык ииашоу аӡбамҭа идикыларц, иара убри ала иара ихьӡи иаҳаҭыри аламырҟәреи амчра аинститутқәа рахь ажәлар рыгәрагара аиқәырхареи илиршоит ҳәа иазгәарҭеит.    

Уаанӡа ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа аӡбаразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь  ас еиҧш аҳәареи ааҧхьареи ҟарҵахьан абыргцәа Рхеилак, Ауаажәларратә Палата, аполиикатә партиақәеи аполитикатә еиҿкаарақәеи жәпакы рхаҭарнакцәа, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, уҳәа.

Рыцҳарас иҟалаз, иарбанызаалак арҭ аҽазышәарақәа хра злоу алшәа аарҧшра залымшаӡеит. Уимоу, Апарламент адепутатцәа иарбоу аинцидент аилыргара азы апарламенттә комиссиа аҧырҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа агәрагага, ауаҩи атәылауаҩи изакәантә зинқәеи ихақәиҭреи  реиқәыршәара ҭакҧхықәраны изду, ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭышәынтәалареи аилибакаареи рзы акомпромис амҩа алхра зыхәҭоу имапкра ҳконституциатә зинқәа реилагареи, иара убас, Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы иаагаз, ҳҳәанҭқарратә шьақәгылашьа злашьаҭарку аидеологиатәи аморалтәи ахәдуқәа рҵыршәшәааразы аҽазышәарақәа раҳасабала ҳахәаҧшуеит.

Хыхь иаагоу инамаданы, иара убас ҳра ҳзакәантә зинқәа рыхьчаразы алшарақәа зегьы рҵыхәтәа ахьыҧҵәаз инамаданы, апротесттә акциеи Ажәлар Реизареи рымҩаҧгаразы азин ҳаманы иҳаҧхьаӡоит. Иарбоу аусмҩаҧгатә аҿы идҵа хаданы иқәыргылахоит Аҳәынҭқарра Ахада ҧхьатәара ишьҭра, избан акәзар, ҳара ҳгәаанагарала  иара Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иднаҵаз Аҳәынҭқарра Ахада иҭакҧхықәра ишахәҭоу ала анагӡара илымшаӡеит.

Аҟәа ақалақь,

Абҵарамза 4, 2021 шықәса.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:45