Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: ҲАРА АЖӘЛАР РЕИДГЫЛАРА АЗЫ ИҲАЛШО ЗЕГЬЫ ҞАҲҴАЛАРОУП.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 19:16 136

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаҧхьа еизаз ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит. «Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, Сара Шәара зегьы шәахь, араҟа еизаз шәоума, Адраматә театр аҿаҧхьа еизаз роума, еиҧшны ааҧхьара ҟасҵоит. Ҩаҧхьа ҳаизартә еиҧш аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Сара изныкымкәа исҳәахьан, жәаҳәарада дыҟаӡам аӡәгьы иҟалаз ахҭыс (цәыббрамза 30 – АП аредакциа азгәаҭа) иақәмыӡбаз. Зегьы уи ргәы иалсит. Ҳара ари аконфликт азакәанҧҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭышәынтәалара азы аӡбара ҳадаҳкылеит, иара убри ауп иахьа уажәраанӡагьы ҳазҿыз. Аринахысгьы ари азҵаара аӡбара азы ашьаҿақәа ҟаҵахоит.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп еизаз зегьы. Дарбанызаалак анапхгаҩы аус аниуа ажәлар рыдгылара шимоу анибо, уи еиҳагьы агәызҭазаареи амчи инаҭоит. Ҳара ҳахь иааит апротест ҟазҵо рхаҭарнакцәа. Шәара ишәаҳауан урҭ ираҳҳәаз. Урҭ арезолиуциа рыдыркылеит.

 

Ҳара ажәлар реидгылара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалароуп. Сара уажәы сызҿу убри ауп, ари ахықәкы анагӡара иазкхоит анаҩстәи сусурагьы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит, шьаҭа доусы рыҩныҟақәа рахь еимпырц азы аҳәарагьы ҟаиҵеит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:11