Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аԥшьаша, 04 Абҵара 2021 10:52 156

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара Амшныҳәа идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Жәлар Реакзаара Амш инамаданы гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа. Ари амш еицакра зқәым, аҵак ду змоу аҵасқәа, Аҧсадгьыл абзиабара, ажәлар ракзаара, атәыла аҭоурых ҳаҭырқәҵарала азнеира символра азызуа мшуп. Милаҭрацәалеи аконфессиарацәалеи еилоу аурыс жәлар аамҭақәа зегьы раан фырхаҵаралеи апатриатизмлеи рыла иалукаартә иҟан, фырхаҵара згымыз рабацәа ҳаҭырла ирызныҟәон. 

Иахьа, адунеи ашәарҭара ҿыцқәа ианырҭагылоу, амилаҭ ракзаара ҷыдала аҵак ду амоуп.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿы ахә ҳаракны иршьоит Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура иамоу аҩаӡара. Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реимадара уасхырс иазышьҭоуп аиҩызареи аилибакаареи.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа. Абри амш аҽны Шәара аҧхьа шәнаргыланы, Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп аҭынчреи аизҳазыӷьареи».

 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:14