Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АДЕПУТАТЦӘА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ РҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РҾЫ НАҞ-ААҞТӘИ АЗШЬА АЗЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗЫРУИТ.

Ахаша, 03 Абҵара 2021 15:06 149

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рҳазылхратә усбарҭақәа рҿы наҟ-ааҟтәи азшьа азы» Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаҧго, Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҟны есымшатәи ихаҭарнак Саида Быҭәба ари аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқаррабжьаратәи астатус шамоу азгәалҭеит. Ари аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра еиҧыларада имҩаҧган: аҧсуа ган анапаҵыҩра мҩаҧнагеит жәабранмза 18, 2021 шықәсазы, урыстәылатәи аган – мшаҧымза 5, 2021 шықәсазы.

«Аиқәшаҳаҭра аганқәа рҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа, азинҷыдала ишьақәыргылоу, аганқәа иахьрыҵанакуа амаҵуратә усура инамданы ирҳау амаҵурашықәс уахь иналаҵыны, аганқәа рзакәанҧҵара инақәыршәаны ишьақәыргылоу ашәагаа ала  амаҵура аџьашықәс азы аулафахәы ахь ахәцҵақәа ршәара азы  амаҵзура аџьашықәс наҟ-ааҟтәи азхаҵара азҧхьагәанаҭоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Аиқәшаҳаҭра аҽҳәара ацҵара азы алшара аманы, хәы-шықәсатәи  аҽҳәара иҭагӡаны анапаҵыҩра мҩаҧгоуп.

Иара убас адепутатцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконтролтә Палата 2022 шықәсазы аныҟәгаразы аҧаратә хархәагақәа реицҵалыҵ шьақәдыргылеит. Уи 34 млн. 744 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

«Аконтролтә Палата ахарџьынҵа азы Ақәҵара ҩынтәны еиҭакрада абжьыҭирахь инагахоит. Акомитет аилатәара аҿы ахарџьынҵа ианалацәажәоз, уи азы акык-ҩбак рыда азгәаҭарақәа ыҟаӡамызт. Иара урҭгьы ахыбра ҿыц азы ақьыраҧса аизҳара зыхҟьеи ҳәа азҵаара акәын изызкыз. Дыҟан аминистргьы. Ҳара аекспертиза азы 9 млн. мааҭ (уи хышықәсатәи ақьыраҧса иаҟароуп) ашәареи ахыбра ҿыц аргылареи амыцхәрас 3 млн. мааҭ инарзынаҧшуа шықәсык азы ақьыраҧса ашәара еиҳа ихшыҩркхоит ҳәа иҳаҧхьаӡеит. Ҳҳәынҭқарраҿы ус еиҧш алшарақәа ыҟаӡам. Урҭ иҿыцу ахыбрахь аиасреи иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы аусуреи рҭахуп», - ҳәа илҳәеит адепутат Натали Смыр.

Адепутатцәа Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Аппарат абиуџьеттә харџьынҵа 2022 шықәсазы 500 нызықь мааҭ рыла аизырҳара иақәшаҳаҭымхаӡеит. Иара 2021 шықәсазы ишыҟац иаанхоит. Уи усҟан – 4 млн. 870 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡон.

Аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы аамҭалатәи аусура алымшаразы аекспертизеи амедика-санитартә експертизеи рымҩаҧгара аиҿкаара  иазку Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә зиншәҟәқәак аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа рыдыркылеит».    

Апарламент адепутатцәа аветеранцәа, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧареи Аҧсны жәларбжьаратәи аизолиациа аҿагылареи рзы азакәанқәа рыпроектқәа реиқәыршәара азы аусуратә гәыҧ аилазаара шьақәдырӷәӷәеит.

Амшхәаҧштә зҵаарақәа рсиа иалхын апансионат «Аҧсны» амазаратә комплекс апривтизациа иаҵанакуа аобиектқәа рсиа алагалареи, уи априватизациа амҩаҧгаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы азҵаара.

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 18:01