Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА «2021 ШЫҚӘСАЗЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ БИУЏЬЕТ АЗЫ» АЗАКӘАН АИҬАКРАҚӘЕИ АЦҴАҚӘЕИ АЛАРГАЛЕИТ.

Ахаша, 03 Абҵара 2021 13:06 143

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «2021 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи аларгалеит. 

Аусшәҟәы адгалара мҩаҧылгеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Апарламент Аилак ахантәаҩы Натали Смыр.

«Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахырхарҭа  хадақәа абарҭ ашәагаақәа рыла ишьақәырӷәӷәахоит: ахашәалахәқәа рыла – 10 млрд.903 млн. мааҭ, аныхтә хәҭа ала – 12 млрд. 187 млн. мааҭ. Абиуџьеҭтә дефицит 1 млрд 283 млн. мааҭ рҟынӡа еизҳаит. Иара убас ареспубликатә биуџьеҭгьы апараметрқәа рҽеиҭаркуеит. 2021 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәқәа рзеиҧш еицҵалыҵ – 8 млрд.587 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ахарџьтә хәҭа – 9 млрд. 821 млн. мааҭ», - ҳәа адырра ҟалҵеит адепутат Натали Смыр.   

Абиуџьеҭ еиҭаку апараметрқәа рылацәажәара апрофилтә комитет аҿы ҩынтә имҩаҧысит.

Азакәан апроект акомитет аҿы алацәажәараан Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбамҭа ала ауалқәа ршәара азы иазҧхьагәаҭаз 90 млн. мааҭ  иарбоу ахырхарҭа ала рдәықәҵара мап ацәкра азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

«Сара, атәачахәқәа ршәара ала ауалқәа ахьыҟоу, аковид алаҵәара иахьаҿу аҳәынҭқарра аҿы 2011 инаркны 2014 шықәсанӡа ишьақәгылаз ауалқәа рыхҩара азы 90 млн. мааҭ рдәықәҵара ахықәкы иашьашәаламкәа исыҧхьаӡоит... Насгьы, аиаша шәасҳәап, сара ас еиҧш еилкаам аӡбамҭақәа здызкыло аӡбарҭақәа митәык рыгәра сгом.  Ауалқәа реицҵалыҵ –  312 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ҳара анагӡаратә мчра 90 млн. мааҭ аҳҭар, усҟан иарбан принцип ала, аиуаратәи, аиҩызаратәи, мамзаргьы аобиективтә аку арҭ аҧаратә хархәагақәа реихшара шымҩаҧысло?! - ҳәа азҵаара ҟалҵеит адепутат Натали Смыр.

Уи илырҽхәеит Гал араион, араҟа 100 миллионк инарзынаҧшуа апрофицит шьақәгылеит. Апрофицит ала ауалқәа жәпакы ршәара алыршахеит.

Араион анапхгараҭара аџьшьара рыуҭаратәы иҟоуп. Гагра ахахьы иагаз аҭакҧхықәрақәа нанагӡоит, асоциалтә проектқәеи апрограммақәеи уахь иналаҵаны. Ари жәабжь бзиоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

2021 шықәсазы абиуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа аиуӡом Гагра, Аҟәа, Гал араионқәа, Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа абиуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа раҳасабала жәаба-жәаба миллион роураны иҟоуп, хәаба-хәаба миллион мааҭ роуеит Гәылрыҧшьи Ҭҟәарчали араионқәа, 15 миллион аиуоит Аҟәа ақалақь.

Адепутат Рауль Лолуа 2021 шықәса ҧхынгәымзеи нанҳәамзеи рзы амшцәгьақәа раан иҟалаз аҧхасҭа ақәгара азы иазоужьхаз 15 миллион мааҭ аныхшьас иаиуозеи, насгьы урҭ азхома  ҳәа азҵаара ҟаиҵеит.

Адепутат Леонид Чамагуа убасҵәҟьа ауаа иахьа уажәраанӡа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара рмоуӡацт ҳәа иазгәеиҭеит. «Сара жәаҳәарада еилыскаауеит, аҧаратә хархәагақәа азымхар шыҟало, аха ҳара иҳамоуп Аҳәынҭқарра Ахада Ифонд, иҳалшома ҳара урҭ аҧарақәа ауаа ацхыраара рыҭаразы адәықәҵара?», - ҳәа дҵааит иара.

«Сынтәатәи аҧхынра азы хынтә аҧсабаратә цәырҵра бааҧсқәа ҟалахьеит. Аиашазы ауаа аҧарақәа рзырымшәаӡацт. Ҷанба имаҩаду ала инхо ауаа аӡиас аӡышьҭра арыцқьаразы ацхыраара иаҳәоит, избан акәзар урҭ есышықәса аӡы рыҵалоит. Ҳара убри ҳазхәыцны ауаа ҳрыцхаароуп.», - ҳәа иҳәеит адепутат Лаша Ашәба.

«Ирацәоуп ихыҵуа аӡиасқәа, усҟан зегьы ирыцхраатәуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Леонид Чамагәуа. 

Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбамҭақәа рыла ауалқәа ршәара азҵаара дазааҭгыло, адепутат Омар Џьынџьал («Ҭҟәарчалргылара» ҧыхьатәи аиҳабы –АП аредакциа азгәаҭа) иҳәеит: «Рыцҳара иҟалаз, арҭ ауалқәа еизеит, аха араҟа аус злоу уи акәӡам. Аӡбарҭа агәрамгара ииашахарым ҳәа сгәы иаанагоит. Ари сара суал акәӡам, ари аргыларатә маҭәақәеи уҳәа рыла ишьақәгылаз ауалқәа роуп. Сара еилыскаауеит, атәыла аҿы арҭ аҧаратә хархәагақәа ршәара иаҧырхагахо есымша аҧынгылақәа шыҟало, аха азыӡбақәак рыдкылара уеизгьы иаҭахуп», - ҳәа иҳәеит иара.

«Аҳәынҭқарра аҧхьа иҟаҵатәу ихадоу аҭакҧхықәрақәа амоуп. Сара даара агәыҩбара сызцәырҵуеит аӡбаҩцәа робиективра аганахьала. Аӡбаҩцәа ралхра азы убриаҟара ауаа асуан. Сара даара игәнысгоит анаҩс сколлега иганахьала ииашамкәа аӡбара здызкылаз аӡбаҩцәеи апрокурори рзы сыбжьы ахьысҭииз»,- ҳәа илҳәеит Натали Смыр.

Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Валери Агрба убасҵәҟьа ҳаамҭазы иҟоу аҭагылазаашьаҿы иарбоу аҧаратә хархәагақәа ауалқәа ршәара ахь рдәықәҵара ииашахаӡом ҳәа агәаанагара ааирҧшит.

«Иахьа иабанӡаактуалу 2011 шықәсазы ишьақәгылаз ауал ашәара азы аҧаратә хархәагақәа рныхра. Иахьа ҳара аенергетика аума, акоронавирустә ҿкы чымазара аума, уҳәа ауадаҩрақәа маҷымкәа ианҳамоу аамҭазы ихадароу акакәны иҟоума иара. Аҳасабырбатә приборқәа раахәаразы ишьақәҳарӷәӷәаз 100 млн мааҭ рныхра шҧамҩаҧгахо», - ҳәа дҵааит Валери Агрба.

Апараламент асессиа аҿы зхы алазырхәыз аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит: «Ареспубликатә биуџьеҭ – ари апрофициат иацны инагӡахо абиуџьеттә система изаҵәу аҩаӡара акәӡам. Ҳара Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа рҿы аусқәа қәҿиарала имҩаҧысуеит ҳәа ҳҳәаратәы ҳаҟоуп. Абиуџьеҭнҭыҵтәи аҧаратә хархәагқәа рцәынхақәа реизгара ҟаҳамҵаларц азы, ҳара ареспубликатә биуџьеҭ азы азакәан аиҭакрақәа алагаларазы, иара убри ала  иҳадаҳкылахьоу аҭакҧхықәрақәа зегьы рынагӡара афинанстәра алыршахарц азы ажәалагала ҟаҳҵеит», -ҳәа иҳәеит иара.

Афинансқәа рминистр иара убас ҷыдала еиҿкааз аусуратә комиссиа ҳазҭоу ашықәс аҧхынра иҟалаз аҧсабаратә цәырҵрақәа рҟынтәи азарал ашәагаақәа алнакааит, урҭ 227 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Уи иажәақәа рыла, Аҧсны афинанстә цхыраара аиуразы Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ари азҵаара иахәаҧшуеит. Амшцәгьақәа рыхҟьаҧҟьақәа рықәгара азы иаҭаххо аҧаратә хархәагақәа азоужьхоит Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи.

Аҧхьанатә зхархәара мҩаҧгоу афымцалашара аҳасабрбара иазку аппаратқәа раахәара иазкыз, аха аенергетикатә усхкы ацхырааразы идәықәҵаз 100 млн. мааҭ ракәзар, урҭ рзы Владимир Делба арҭ аҧаратә хархәагақәа ахьдәықәҵаз, изықәхарџьыз атәы зҳәо аусшәҟәқәа зегьы   Апарламент аҿы адгалара шымҩҧгахо азы адепутатцәа агәра диргеит. 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 17:57