Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҾЫ АУААԤСЫРА COVID-19 АҞЫНТӘИ РВАКЦИНАЦИА АМҨАԤГАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЗКЫЗ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Ахаша, 03 Абҵара 2021 16:57 154

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла амедусбарҭақәа рҳақьым хадацәеи аепидемиологцәеи алархәны авакцинациа амҩагара азы  изаамҭанытәиу азҵаарақәа рылацәажәара мҩаҧигеит. 

Аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит амобилтә еимадара азы Аилазаара «А-Мобаил» адиректор Хада Борис Барцыц. Уи алаҵа ҟазҵахьоу ауаа уи азы QR- код зцу асертификат аелектронтә версиа рыҭара азы аплатформа аҧҵара апроцесс шымҩаҧысуа атәы еиҭеиҳәеит. 

«Аусурақәа зегьы рхыркәшара азы мышқәак аҭаххоит. Иахьа ҳара абаза аҧышәара мҩаҧаагоит»,- ҳәа иҳәеит Борис Барцыц.

Убри аан агәабзиарахьчара аминистр авакцина ҟазҵахьоу ауаа рзы адыррақәа шыхьчахо, насгьы агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы ишеизгахо азы адырра ҟаиҵеит. Аминистр иажәақәа рыла, араҟа аилазаара «А-Мобаил» апрограмматә еиқәыршәара аҿы ацхырааҩ аҳасабала иқәгылоит.

QR- кодқәа раиура ауааҧсыра рзы  излауа ала ирмариахоит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны урҭ раиура азы ихымҧадатәиу аинформациа зегьы аларҵәахоит.

Аилатәара аҿы иара убас иазгәаҭан авакцинациа атемпқәа уаанӡа еиҧш уажәгьы ишылаҟәу.

Абҵарамза 3 рзы Аҧсны акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 алаҵа ҟарҵеит 10 443-ҩык. 

Урҭ рахьынтә «Спутник V» ала – 6 500-ҩык, «Спутник-Лаит» ала – 3 943-ҩык.

Едуард Быҭәба ишазгәеиҭаз ала, абҵарамза аҽеиҩшамҭаз авакциана «Спутник V» апартиа ҿыц ааргараны иҟоуп, уи аламҭалазы авакцинациа апропаганда ишахәҭоу ала  имҩаҧгатәуп.

Ари амчыбжь азы агрипп ачымазара аҟынтәигьы авакцинациа иалагеит. Агәабзиарахьчара Аминистрра уи азы иаанахәеит урыстәылатәи амаҭәшьар «Гриппол плиус».

Ари авакцина ахәыҷқәеи зықәра наӡоуи ауааҧсыреи алаҵа рылаҵара иазкуп. Изҭаху зегьы уи араионтә поликлиникақәеи, мамзаргьы араионтә хәышәтәырҭа Хадақәеи рҿы иҟарҵар рылшоит. Аҟәа ақалақь ахәыҷқәа алаҵа рылаҵара ахәыҷтәы паоликлиника аҿы имҩаҧыслоит. Ҭҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым Хада иҟалҵаз адыррақәа рыла, араион аҿы агрипп чымазара аҟынтәи алаҵа роухьеит 150-ҩык. 

Аилатәара аҿы иара убас амедикцәа Урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа рҿы аҵара дырҵара атәы иалацәажәеит.

Едуард Быҭәба аҳақьым хадацәа ахәышәтәырҭақәа зегьы рҿы аординатура ахь рдәықәҵаразы аҳақьымцәа ралхра азы адҵа риҭеит.

«Агәабзиарахьчара Аминистрра ари ахырхарҭала ганрацәалатәи ацхыраара аҭара иазхиоуп. Ҳара еиҳа хархәара зауа азанааҭқәа алаҳкааит. Уи аҿкы чымазарақәа, анестезиологиа, ареаниматологиа, ахәыҷтәы неврологиа, амедико-профилактикатә ус, уҳәа убас иҵегьы… Ҳара Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аганахьала ҳҳақьымцәа, ҳмедицинатә усзуҩцәа аҵарахьы рдәықәҵара ҳазхиоуп, ус еиҧш алшара ыҟоуп иахьа», - ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр.

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 17:54