Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АТӘАНЧҨРАТӘ ФОНД АБИУЏЬЕҬ 20 МЛН. МААҬ РЫЛА ЕИЗЫРҲАУП.

Ахаша, 03 Абҵара 2021 17:32 145

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа 2021 шықәса Атәанчаҩратә фонд абиуџьеҭ аиҭакрақәа аларгалеит.

Ашықәс алагамҭазы Аҧсны Атәанчаҩратә фонд абиуџьеҭ 1 миллиардки 220 миллион мааҭи рҟынӡа инаӡон. Анаҩс уи атәым ҳәынҭқарра аҟынтәи атәанчахәы змауа ауааҧсыра ртәанчахәқәа рахь ахәцҵақәа инарымаданы 13 млн 109,4 нызықь мааҭи рҟынӡа еизырҳан.

Иахьа Апарламент аҿы Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Атәанчаҩратә биуџьет ахь 20 млн мааҭ рҟынӡа абиуџьетбжьаратәи атрансферт азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

2021 шықәсазы абиуџьетбжьаратәи трансферт азеиҧш еицҵалыҵ 170 млн 415 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит.

Убас ала, Атәанчаҩратә фонд 2021 шықәсазы ахашәалахәытә хәҭа 1млрд 253 млн. 541 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ахарџьтә хәҭа – 1 млрд 275 млн. 428 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Афонд абиуџьеҭ адефицит 2021 шықәсазы 21 млн 887 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Адефицит харҭәаахоит ажьырныҳәамза 1, 2021 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аҧаратә хархәагақәа рцәынха ала. Уи 21 млн. 887 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Иара убас, адепутатцәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ашәатәқәа рыла аиҵахара армаҷра азы аҧаратә хархәагақәа  реиқәыршәара азы алшарақәа рыҧшаара иалацәажәеит.

«Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбамҭақәа рыла ауалқәа ршәара ахь здәықәҵара азҧхьагәаҭаз 90 миллион мааҭ рҟынтәи 45 миллион мааҭ  адотациақәа раҳасабала араионқәа рбиуџьеҭқәа рыхь идәықәҵатәуп, иаанхаз 45 миллион мааҭ – Афонд атәанчаҩцәа рҿаҧхьа иамоу ауал ашәара ахь идәыҟҵазар алшоит.  Ари зегьы раасҭа иоптималтәу вариантуп.  Ауаагьы уи ргәы иаахәоит жәаҳәарада», - ҳәа илҳәеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Апарламент Аилак ахантәаҩы Натали Смыр.

Атәанчаҩратә фонд мызктәи аиҵахарала  ашәатәқәа мҩаҧнагоит.

Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2021 шықәсазы абгаҧсатә шәатәқәа 2020 шықәса иаҿурҧшны уахәаҧшуазар, 146 млн 282 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит, уи ашәатәқәа рыла иҟоу аиҵахара еиҳа иармаҷуеит.

«Атәанчахәқәа ршәара ала иҟоу аиҵахара ахатәы харџь ала инагӡаны ахарҭәара залыршахаӡом, избан акәзар, аӡын-ааҧынтәи аамҭахәҭа азы аекономикатә усура активра лаҟәуеит, иара убри ала акурортә аамҭахәҭа иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, Атәанчаҩратә фонд ахь абгаҧсатә лагалақәагьы ршәагаа акыр еиҵахоит»,- ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа. 

Уи иара убас  иҟоу ауадаҩрақәа шмаҷымгьы, афонд абиуџьеҭ 1 миллирд мааҭ ирхысит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ажәакала, хра злоу адинамика ыҟоуп.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 17:00